00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аӡынба Сергеи Багаԥшь аҿар дшырзыҟаз иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Аӡынба Сергеи Багаԥшь аҿар дшырзыҟаз иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса ҵит сынтәа. Иара иԥсадгьыл аҭоурых аҿы даанхоит Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара зхаан иҟалаз атәыла ахада иакәны. Сергеи Багаԥшь иааигәаны дыздыруаз реиԥш, знык иацәажәартә еиԥш алшара змазгьы ргәалашәараҿы даанхеит ауаҩреи ақьиареи злаз аӡә иакәны. Багаԥшь ихаан аҳәынҭқарра ахада иҟны Аҿар рполитиказы ахеилак ахантәаҩыс иҟаз Шамиль Аӡынба игәалаиршәеит Аԥсны аҩбатәи ахада аҿарацәа дшырзыҟаз, иуаҩышьа, иҟазшьа зеиԥшраз атәы арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара дазааҭгылеит Аҳәынҭқарра ахадеи аҿари реиԥыларақәа шымҩаԥысуаз, урҭ знеишьас ирымаз.
"Есышықәса декабр иақәшәон ашықәс еихызшьаалоз аизара дуқәа. Сергеи Уасил-иԥа иҳәон: "Шамиль, абри ахәыҷқәа азыҟаҵаны, азҵаарақәа рыҭаны иаажәгар, шәеимсырпоит!". Саргьы ус аусура бзиа избомызт, атеатртә қәгылара ашҟа ус ҳамамызт. Аҿар идгылаз идымгылаз ҳәа акәымкәа азҵаарақәа иааҭырҟьаны ирҭахыз ирҭон. Иаргьы урҭ азҵаарақәа рыла иҭиҵаауан иахьа проблемас иҟоу. Убри иҽақәыршәаны иара идырра, иҟәыӷара ихы иархәаны аус адиулон", - иҳәеит Аӡынба.
Иара убасгьы игәалаиршәеит аҿари аҳәынҭқарра ахадеи реизареи Аԥсны ахада Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ дидикылараны даныҟаз аамҭеи шеиқәшәаз.
"Аҿар реизара амш заанаҵы иӡбаз акәын. Адипломатиатә еиԥылара мышкы-ҩымш аԥхьа ицәырҵаз ауп. Ас ианеиқәшәа Сергеи Уасил -иԥа ацҳаражәҳәаҩ иеиҳәеит: "Абааԥсы, жәларык сзааит, шәааԥшы ҳәа сызраҳәом!". Аҿар 800-ҩык иреиҵамкәа еизеит усҟан. Семион Григориев ацҳаражәҳәаҩ ара иҳамаз уигьы иуаҩра иаԥхьа игылоуп, нас аиҩызарагьы ҳабжьаҳҵеит, уи дыԥшын аизара мҩаԥаҳгаанӡа. Нас ацҳаражәҳәаҩ дидикылеит. Абри Сергеи Уасил-иԥа иҟазшьа ауп", - иҳәеит Аӡынба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0