Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афырхацәа зааӡаз: Гәдоуҭа иаатит Март 8 иазкны ацәыргақәҵа

© Sputnik / Бадри Есиеававыставка в Гудаутском музее
выставка в Гудаутском музее - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2024
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа "Афырхацәа зааӡаз анацәа" ахь инагоуп Гәдоуҭеи Гәылрыԥшьи араионқәа, Кәтоли Ҭхьынеи ақыҭақәа рҟынтәи 500-ҩык аҳәсақәа рфотосахьақәа.
ГӘДОУҬА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Афотоцәыргақәҵа "Афырхацәа зааӡаз анацәа" аадыртит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи аҟны хәажәкыра 7 рзы. Хәажәкыра 16 рҟынӡа аус зуа ацәыргақәҵахь инагоуп 500-ҩык зыхшара ҭахаз аҳәсақәа рфотосахьақәа.
Амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, ари ацәыргақәҵа актәи ахәҭа ауп. Аибашьраҿы иҭахеит 1700-ҩык аԥсадгьыл аԥацәа, аекспозициа аиҿкааҩцәа урҭ ранацәа рфотосахьақәа зегьы еизыргароуп.
"Ацәыргақәҵа Аԥсны анацәа, зыхшара ҭахаз ирызкуп. Раԥхьаӡа акәны имҩаԥаагоит. Иара х-хәҭакны имҩаԥысуеит. Уажәазы арахь иаагоуп Гәдоуҭеи Гәылрыԥшьи араионқәа, Кәтоли Ҭхьынеи ақыҭақәа рҟынтәи 500-ҩык аҳәсақәа рфотосахьақәа. Аматериал аизгараҿы ацхыраара ҟарҵеит Инга Коӷониаԥҳа (Кәтол), Рина Аршԥҳа (Ҭхьына). Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - ҳәа лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, ари ацәыргақәҵахь зсахьақәа аагоу анацәа рҟынтә 70% рыԥсҭазаара ишалҵхьоу, 113 ҭаацәара рҟны аӡәгьы иԥсы ҭаны дшыҟам. Иҭахаз ранацәа рхеилак Гагратәи аҟәша ахантәаҩы, 18 шықса шихыҵуаз зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Ахра Конџьариа иан Лиудмила Конџьариа лықәгылараҟны ҭабуп ҳәа ралҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкаара иалахәыз зегьы.
"Ара ижәбо аҳәса реиҳараҩык анарцәҟа рымҩа иқәлахьеит. Уа шәыԥсқәа еиқәшәааит ишәыхшази шәареи. Урҭ баша иҭамхеит, рыԥсадгьыл еиқәдырхеит", - ҳәа лҳәеит Конџьариа.
Иҭахаз ранацәа рхеилак Гәдоуҭатәи аҟәша ахантәаҩы Емма Ермоловагьы аиҿкааҩцәа ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәалҭеит, аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ранацәа рыхьӡ хашҭра ахьақәым аҵак ду шамоу.
Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иҳәеит агәрагара шимоу, анацәа иаадырԥшуаз агәаӷьра иахьагьы ишҿырԥшыгоу азы.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Џьума Габуниа иазгәеиҭеит иахьатәи ахҭыс аиԥш зеиԥшу ахҭысқәа анацәа зегьы ахалархәразы алшара ахьрымам шхьаау.
Ажәабжьқәа зегьы
0