Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьбеи Кәыҵниаԥҳаи аԥҳәыс лхаҭара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьбеи Кәыҵниаԥҳаи аԥҳәыс лхаҭара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ԥҳәыс наџьнатә аахыс лцәаҩа-лҟазшьа, Кавказ иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа дызлареиԥшымыз, аԥҳәыс лхаҭара, лроль, арадио Sputnik аефир аҟны ирылацәажәеит асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьбеи Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ, хҩык ахшара ран Илона Кәыҵниаԥҳаи.
Нодар Ҵәыџьба иҳәеит ашықәсан мышкы заҵәык алхны Аҳәса рымш ҳәа азгәаҭара дшақәшаҳаҭым, ааԥын зегьы шәҭуанаҵы аҳәса ишраамҭоу.
"Сара акыр шықәса аахыс изакәызаалак политикатә партиак схы аласырхәӡом, аха ҳара аԥсуаа, ари ус хыҭҳәааӡам, аныҳәа иадҳәалаӡам, иҳалшар аҳәынҭқарра ахадарахьы аԥҳәыс лнагара, арыӷьарахь ҳақәгьежьаауеит. Аҳәынҭқаррақәа зегьы, иара аԥсылманцәа иртәугьы налаҵаны, знык аԥҳәыс дахьахагылаз даара ԥхьаҟа ицаз ҳәынҭқаррақәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0