Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габалыиа: Таиф Аџьба ирҿиара ашҟа азҿлымҳара еихсыӷьра ақәӡам, аҽарҭбаауеит

Габалыиа: Таиф Аџьба ирҿиара ашҟа азҿлымҳара еихсыӷьра ақәӡам, аҽарҭбаауеит
Анапаҵаҩра
Иахьа 85 шықәса ҵит диижьҭеи иналукааша аԥсуа поет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа хабарда ибжьадырӡыз Таиф Аџьба. Апоет, ауаҩы аамсҭашәа ирҿиаратә ҭынха, иԥсҭазааратә философиа, ипоезиа, ахәыҷқәа ирзикыз алитература, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит апоет, ажурнал “Алашара” аредакциа аусзуҩы Дырмит Габалыиа.
"Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба ирҿиара ашҟа азҿлымҳара еихсыӷьра ақәӡам, уи иаҳа-иаҳа аҽарҭбаауеит абиԥарақәа рыҩнуҵҟа, уи ирҿиара даара ирзааигәоуп, гәыблыла иазыҟоуп. Араҟа иҟоуп ҩ-шьаҭак змоу азнеишьа, азыҟазаашьа: Таиф Аџьба ирҿиара, ихаҭара, ибаҩхатәра азы, убасгьы илахьынҵазы. Абарҭ аҩбагьы хеибарҭәаауеит. Иаҳҳәап, арҿиаҩы иԥсҭазаара дақәиҭны, ирҿиара дақәиҭны, илшашаз зегь илыршаны дымҩасызҭгьы, усҟан ирҿиаразы бзиа даҳбалон, ҳаҭырла ибаҩхатәра ҳазыҟазаарын, аха ара иҟоуп апоет илахьынҵагьы… Таиф Аџьба анаҳҳәо раԥхьа игылоу ирҿиароуп, аха илахьынҵагьы даара хьаас иҳамоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габалыиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0