Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шларԥҳа арҵаҩцәа рԥышәа аизырҳаразы ауниверситет акурсқәа рзы: акы алумгаакәа изыҟалаӡом

Шларԥҳа арҵаҩцәа рԥышәа аизырҳаразы ауниверситет акурсқәа рзы: акы алумгаакәа изыҟалаӡом
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рԥышәа аизырҳаразы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы ҩымчыбжьа имҩаԥысуаз акурсқәа хыркәшоуп. Урҭ ирылахәын Гал, Тҟәарчал, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа рҟынтәи ҩынҩажәи аӡәы арҵаҩцәа. Ас еиԥш акурсқәа есышықәса еиҿнакаауеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иҟоу акадрқәа разыҟаҵареи аԥышәа аизырҳареи рзы ареспубликатә центр. Сынтәа акурсқәа шымҩаԥысыз, иахьынӡацхыраагӡоу урҭ арҵаҩцәа рзы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ААУ аԥышәа аизырҳаразы акурсқәа ирылахәыз Џьгьардатәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы, ааӡаратә ҟәша аиҳабы Саида Шларԥҳа.
"Убра (акурсқәа рзы - азгә.) иаҳгаз рацәаӡоуп ҳара. Акы алумгакәа изыҟалаӡом. Ухынҳәны уанааилак, упрактикахь, мшәан абри абас акәымзи ҳәа уҳәоит. Хәышықәса рахьынтә знык, сгәы иаанагоит, ихымԥаданы иаҭахуп, ҳарҵаҩцәа гәаҳәара дула ирыдыркылоит, иахьца-иахьааз ҳамбаӡеит абарҭ ҩымчыбжьа иҳамаз аамҭа, иҵегьы ҳаҳаны, ҳхәыҷқәа рышҟа инаҳгаратә ҳхынҳәындаз ҳәа абас агәаанагара ҳаман", - лҳәеит Шларԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0