Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит аԥсаатә рчымазараан изықәныҟәатәу аԥҟарақәа ртәы

Џьопуа еиҭеиҳәеит аԥсаатә рчымазараан изықәныҟәатәу аԥҟарақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны аветеринар хада Роман Џьопуа ҳтәыла иахьаҵанакуа амшын аҟәараҿы иԥсны икажьыз аԥсаатә рнырҵәара зыхҟьаз аԥсаатә грипп ауп ҳәа иҟоу ажәабжь ахҳәаа аиҭеит арадио Sputnik аефир аҿы.
Амшын аҟәараҿы иԥсны ихыжьлаз аԥсаатә рынҵәара зыхҟьаз аилкааразы аветеринартә маҵзура урыстәылатәи рколлегацәа рыҽрымардеит. Ачымазара аилкааразы Краснодарҟа ишьҭын абиоматериал. Роман Џьопуа иажәақәа рыла макьаназы зҭак роуз азҵаарақәа рыла цқьа еилкаам, иарбан чымазароу аԥсаатә ирылалаз, аха убри аан иҳәеит аԥсаатә грипп ауп ҳәа агәҩара шрымоу.
"Иаарласны Аминистрацәа реилазаараҿы ирыдыркыларан иҟоуп аԥҟарақәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа амҽхак аҽамырцәгьарцаз атәыла ауааԥсыра инарыгӡараны иҟоу. Амшынтә ԥсаатә ирымаданы аветеринартә маҵзура хада абжьгарақәа ҟанаҵахьеит урҭ шбылтәу ала. Иара амаҵзура ахаҭагьы имҩаԥнагеит аҭҵаарақәа ачымазара аилкааразы, аԥсаатәқәа рҳәарахқәа еибган, уи ала ашәарҭара ду зцу аҿкы чымазара шыҟам еилаҳкааит, аха ишакәхалакгьы Урыстәыла ишьҭын еиҳа инарҭбааны аҭҵааразы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Аԥсны аветеринар хада иҳәеит, аҩнатә ԥсаатәқәа рганахьала анхацәа иҟарҵараны иҟоу, аҿкы чымазара аларҵәара амаиурцаз. Аԥҟарақәа ирықәныҟәатәуп, мамзар ачымазара нкылашьа амаӡам, иара ауаҩы изгьы ишәарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0