Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шьынқәба Марттәи ажәыларазы: аиааирахь ҳазгоз агәаӷ ахылҵит ҳазлаԥшыз ашьаарҵәыра

Аибашьра иалахәыз: Шьынқәба Аҟәа ахақәиҭтәразы Марттәи ажәылара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны иџьбараз, ԥышәара аамҭаны иҟаз акәны иаанхоит Аҟәа аҭарцәразы 1993 шықәса март 15-16 рзы имҩаԥгаз ажәылара. Сергеи Дбар напхгара зиҭоз ажәылара ауха иалагеит. Аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирит раҳҭнықалақь аҭарцәразы, аха аҵыхәтәаны афронт ацәаҳәа зегьы амацәаз иҭакхеит ақырҭуа артиллериа ирыжәырҵаз ахымца иахҟьаны. Ажәылара еихәлахеит, аӷа ирхәҭақәа арезерв нарышьҭит, аԥсуа архәҭақәа ракәзар ԥхьаҟа ицаз реибашьцәа адгылара рызрымҭеит. Хымш фатәыда -жәтәыда урҭ рхырӷәӷәарҭақәа рахь игьежьырц рҽазыршәон. Ари ишьаарҵәыраз ажәылараан иҭахеит 222 аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ажәылара ахықәкы шынамӡазгьы, аветеранцәа иазырԥхьаӡоит иара аибашьра ацашьа аԥсахит, аиааира иахыҵхырҭахеит ҳәа.
Усҟан имҩаԥысуаз ахҭысқәа арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит, рыхҳәаа ҟаиҵеит аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәба.
Марттәи ажәылараан аԥсуа еибашьцәа ироуз ааха, аӷацәа ахәцәа ишрызныҟәаз, арҭқәа зегьы агәкаҳара цәырнагар ҟалон, аха уи ацымхәрас ампыҵахалаҩцәа рахь агәаӷ цәырнагеит, ҳәа азгәеиҭеит Шьынқәба.
" Ԥхьаҟа аиааирахь ҳазгоз агәаӷ ахылҵит ҳазлаԥшыз ашьаарҵәыра", - иҳәеит Шьынқәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0