Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Оҭҳареи Очамчыра ашкол-интернати рҿы ашколхәыҷқәа рдиспансеризациазы

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбԥҳа ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа Оҭҳареи Очамчыра ашкол-интернат рҿы
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иацнаҵоит ахәыҷқәа рдиспансеризациа. Ари ашықәсан иара хацыркын Оҭҳаратәи ашкол аҿы, хәажәкырамзазы имҩаԥган Очамчыра араион аҿы. Иарбан лҵшәақәоу адиспансеризациа иаанырԥшыз, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит аконгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа.
Ҳагԥҳа лажәақәа рыла, ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭараан ирацәаҩны аҳақьымцәа рыцын: аневрологцәа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа, абла гәазҭо, аендокринолог, акардиолог. Апроект аҿы ишарбо еиԥш ахәыҷқәа ганрацәала игәаҭан, ачымазара зыдбалазгьы рацәаҩуп ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.
Аконгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы еиҭалҳәеит ашкол-интернат аҿы ахәыҷқәа ахьырацәаз азы русура шеиҿкааз.
Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит адиспансеризациа иалагаанӡа аконгресс аусзуҩцәа имҩаԥырго аусура атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0