Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қарчаа БРИКС ахәмаррақәа Аԥсны алахәхаразы: аԥхьахәк ҳгар иааира духон ҳа ҳзы

Карчаа БРИКС ахәмаррақәа Аԥсны алахәхаразы: аԥхьахәк ҳгар, иааира духон ҳа ҳзы
Анапаҵаҩра
Мышқәак раԥхьа Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аҟны имҩаԥысит БРИКС ахәмаррақәа ирылахәхо аспортхкқәа рфедерациақәа рхаҭарнакцәеи, азыҟаҵаҩ хадацәеи рԥылара. Уаҟа ицәырҵыз азҵаарақәа ирылацәажәеит мшаԥы 1 азы имҩаԥгаз онлаин-аиԥылараҟны. Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, БРИКС иалахәхо Аԥсны еизгоу амилаҭтә гәыԥ анапхгаҩы Беслан Қарчаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шаҟа спорт хкы рыла ҳҳәынҭқарра ахьӡала ахәмаррақәа рахь аспортсменцәа шьҭхо, зыӡбара иаҿу азҵаарақәа ртәы.
"Азыҳәақәа 14 спорт хкы рыла иҳашьҭит, насгьы даҽа хкык ацлоит "курес" ҳәа аиқәԥара хкы. Уи атәы здыруа ҩыџьа-хҩы аҷкәынцәа ҳамоуп. Уажәы аиааира, аԥхьахәқәа ахьаҳго ҳәа сызҳәом. Ҳара зегьынџьара аиааира ҳгар ҳҭахуп. Џьарак–ҩыџьара ҳхы ҳзаарԥшыр, адунеи зегьы ҳарбо, аԥхьахәк ҳгар, џьарак аԥсуа гимн адырҳәартә, аԥсуа бираҟ шьҭырхыртә изыҟалар, ҳара ҳҳәынҭқарразы иааира духон ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Қарчаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
БРИКС аспорттә хәмаррақәа мҩаԥгахоит Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казан 2024 шықәса рашәара 12 - 23 рзы. Аицлабратә программа иаҵанакуеит 25 спортхкы. Аицлабрақәа ирылахәхарц 50 тәыла рҟынтәи 5 000-ҩык атлетцәа неиуеит. Аԥснытәи аспортсменцәа БРИКС ахәмаррақәа ирылахәхоит ареспублика ахьӡала иара абираҟ иаҵагыланы.
Ажәабжьқәа зегьы
0