Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсышәала иҭыжьу ашәҟә ҿыцқәа арбану, иззырхоу

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсышәала иҭыжьу ашәҟә ҿыцқәа арбану, иззырхоу
Анапаҵаҩра
Абызшәатә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥсышәала зҭыжьра алыршаз ашәҟәқәа арбану, иззырхәоу, аахәаҩ иоур ахьилшо, хәыда-ԥсада изырҭо атәы.
Ааигәа Аԥсныҟа иааргеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа Краснодар иҭнажьыз хәы-хкык ашәҟәқәа 3000 цыра. Урҭ рыбжьара иҟоуп: аԥсуа бызшәа дырҵаразы арҵагатә цхыраагӡа; аҵарауаҩ Сергеи Зыхәба еиҭеигахьаз Андерсен илакәқәа; аԥсышәала аусмҩаԥгаразы ацхыраагӡа; Владимир Аҵнариа ахәыҷқәа ирзикыз ажәеинраалақәа "Сыԥсадгьыл Амра"; Платон Бебиа ахәыҷқәа рзы иажәеинраалақәа реизга "Амра ԥхоит".
"Арҭ ашәҟәқәа ҳазҭысыз ашықәс иалагӡаны иҟаҳҵақәаз роуп. Ҩ-хәҭакны иааҳгеит жәа-хкык, ашәҟәқәа убасгьы алабҿабатә хархәагақәа. Иааицҵаны зегьы 10 нызқь цыра ыҟоуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0