Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габлиа "Аԥсҳа Леон" дызну ахьтәы ԥараҿырпы азы: Аԥсны аҭоурых шьақәнарӷәӷәоит

Габлиа "Аԥсҳа Леон" дызну ахьтәы ԥараҿырпы азы: Аԥсны аҭоурых шьақәнарӷәӷәоит
Анапаҵаҩра
Аԥсны абанк иҭнажьит агәаларшәагатә ахьтәы ԥараҿырпы "Аԥсҳа Леон". Асахьа авторс дамоуп Руслан Габлиа. Аԥараҿырпы аԥхьатәи аган аҿы иагәылган аԥсҳа Леон ихаҿсахьа ануп, егьи аган - аԥсуа аҳра ахҭнықалақьқәа рыхьыӡқәа Анаҟәаԥиа, Қәҭеишь, иара убас иаарту амаҿа. Арадио Sputnik аефир аҿы асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа еиҭеиҳәеит аԥараҿырпы злаҩычоу асахьа аидеиа шизцәырҵыз атәы.
Ари аԥараҿырпы иҭыҵыз сара сзы аҭоурых ду амоуп ҳәа иҳәеит Габлиа аинтервиу аҿы.
"Владислав Арӡынба иоуп иаԥшьазгаз аԥараҿырпы аҭыҵра. Раԥхьа Аԥсны иҭыҵран иҟаз аԥсҳа Леон данызар акәын. Даара акырынтә исыԥсахуан, изгон исырбон. Иаҳа деиқәтәаны, дҳәынҭқарны, дҵауланы, усҟантәи реилаҳәашьа, рхахәы аҵырффашьа, абарҭ зегьы еилагӡатәын, аха зегьы реиҳа ихадаз, даԥсыуаны аҟаҵара акәын. Иара Владиславгьы аусумҭа аинтерес иман, исыԥсахцыԥхьаӡа сгәы архаҵон. Аҵыхәтәантәи авариант аҿы асахьа дақәшаҳаҭхахьан, идикылахьан, "издырит иара шиаку" ҳәа ажәа иара итәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа.
Асахьаҭыхҩы иҳәеит, аԥсар иану егьырҭ асахьақәа аҵарауаа адгаланы иҟарҵаз шаку.
"Ҳәарада, исҭахын сара ишыҟасҵаз иҟаларацаз, аха хәыҷык аҽаԥсахит. Сара иҟасҵаз иҵегь иҵарын ҳәа збоит. Ахьтәы ԥараҿырпы ҳҭоурых шьақәнарӷәӷәоит еиҭа шәышықәса рышьҭахьгьы", - ҳәа иҳәеит Габлиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0