Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

"Аҳәатәи аҳәашьеи": аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иазкны

"Аҳәатәи аҳәашьеи": аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иазкны
Анапаҵаҩра
Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы иахьа иҳамоу аҭагылазаашьа, уахь иаҵанакуа аргыларақәа зхатәтәны измоу азакәантә ԥҟарақәа еилазго хьырхәрас ирымоу, арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҟны иалацәажәеит Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аспециалист хада Шандор Ҟаитани ауаажәларратә еиҿкаара "Ҳара ҳақалақь" алахәыла, архитектор Мадина Ҷкотуаԥҳаи.
Ҟаитан ицәажәараҿы иҳәеит аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа ахыбрақәа реиқәырхаразы дызхаҭарнаку аусбарҭеи аргыларақәа зхатәтәны измоуи дареи акаҿы реизааибагара иахьа хәыҷык иаҳа ишдырџьбараз. Иазгәеиҭеит аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа ахыбрақәа ааха рызҭо рганахьала ахараԥсақәа зынӡа ишмаҷӡоу.
Иахьа аҭоурыхтә ҭынха иаҵанакуа абаҟақәа реиқәырхараҟны уадаҩрас иҟоуп урҭ реиҭашьақәыргыларазы апроектқәа рыԥсахра ҳәа лҳәеит Чкотуаԥҳа.
"Апроект анышьақәдырӷәӷәалак ашьҭахь, аргылара аламҭалазы имаҷҩымкәа ирыԥсахуеит апроект. Иаҳа зыхә мариоу аматериалқәа раахәара иалагоит, аԥенџьырқәа рыԥсахуеит. Ақьаад уанахәаԥшуа, даара иԥшӡаны, ииашаны иҟаҵоу апроект убоит, аха нас иҟарҵаз ангәоуҭо, ишақәымныҟәаз еилукаауеит. Ахылаԥшра уадаҩра дуӡӡаны иҟоуп. Сгәаанагарала, ауаа ҳамазароуп есымза инеины раионцыԥхьаӡа апроектқәа гәазҭаша. Иахьа аус зуа рхыԥхьаӡара маҷцәоуп, аштат еизырҳатәуп", - лҳәеит Чкотуаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0