Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыркәынаа еиҭеиҳәеит Ҭхьына ақыҭан ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы

Кәыркәнаа еиҭеиҳәеит Ҭхьына ақыҭан ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион қыҭақәак рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, убас Ҭхьына иалсуа аӡиас ахықәан аӡкырҭа аргылара иаҿуп. Уи хымԥадатәины изыҟоу, амшцәгьақәа раан аӡиас ауааԥсыра ирнаҭоз аԥхасҭеи, иахьазы аусурақәа ахьынӡанаргои, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭхьына ақыҭа ахада Роман Кәыркәынаа.
Ҭхьына ақыҭан ицоит астратегиатә ҟазшьа змоу ацҳа аиҭашьақәыргылара, урҭ аусурақәа ирыламгазҭгьы ақыҭа ҩшаны иаанхар алшон ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәыркәынаа.
"Мраҭашәаратәи афронт ақыҭақәа рҟынтә Тҟәарчалҟа излацоз уи ацҳала акәын. Аибашьраан иара даара аҵакы ӷәӷәа аман. Иахьа уи аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Хәораа рырха ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы инхоит 4-5 ҭӡы. Дара ақәа анауа ргәы ҭынчны изыцәаӡом. Мықә анхыҵуа даара ишәарҭоуп. Иҟаз адамба аӡы иагахьан. Уажәы уи ҿыц иҟаҵаны, ишахәҭоу еиԥш аӡы ацарҭа аҭаны аҟаҵара иаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыркәынаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0