Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ахбеи Агрбеи Аԥсны аинвестициақәа ралагалара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ахбеи Агрбеи Аԥсны аинвестициақәа ралагалара иазкны
Анапаҵаҩра
"Аусдкылареи аинвестициақәеи аекономикатә ҿиара афактор аҳасабала" захьӡу атемала Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҿы имҩаԥысит астол гьежь. Иарбан уадаҩрақәоу аусдкылаҩцәа рҿаԥхьа ицәырҵуа, насгьы изалыршахома аҩнуҵҟатәи абизнес аҿиара анҭыҵтәи аинвестициақәа рыда, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рзы арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит Ауаажәларратә палата алахәылацәа Асҭамыр Ахбеи, Дауҭ Агрбеи.
Апроект дуқәа рырҿиаразы иҟазароуп иалагалоу аинвестициақәа, уи аганахьала, аусдкылаҩцәа радыԥхьаларазы ирзаԥҵатәуп ирзыманшәалоу аҭагылазаашьа, ҳәа агәаанагара имоуп Дауҭ Агрба. Аҩнуҵҟатәи аинвестор изы акәзар, Аԥсны аусура маншәалоуп, иара убасгьы иҟоуп аҿырԥштәқәа бзиақәа аҩныҵҟатәии анҭыҵынтәи аинфесторцәа еилаланы абизнес анаадыртуа ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
Ауаажәларратә палата алахәылацәа Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иалагалоу аинвестициатә проектқәа бзиақәа ыҟоуп, урҭ ҿырԥшы бзиоуп. Аинвестор иара иаҳа иахьизыманшәалоу аҭыԥқәа дрышьҭоуп, убри аҟнытә иҟазар иҳахәаша апроектқәа, урҭ ишәа-иза иҳадаҳкылароуп, ҳәа азгәеиҭеит Ахба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0