Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хәажәкырамзазтәи амҩатә статистика

© Sputnik / Томас Тхайцук Сотрудник ДПС Абхазии
Сотрудник ДПС Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, 2024 шықәса хәажәкырамзазы Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы 7034 ԥкаанҵа еиқәдыршәеит.
АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Ииасыз амзазы Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа 229 хараԥса ылрҩааит арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы акразы. Ари жәабранмзазы аасҭа 35 рыла еиҳауп.
Зықәра намӡац ари амзазы инкыламызт. Зегьы иреиҵбны иныркылаз 21-21 шықәса рхыҵуан, аӡәы Гагратәуп, егьи – Гәдоуҭатәуп. Зегь иреиҳабыз 67 шықәса ихыҵуеит, Гәылрыԥшь араион датәуп.
Иааныркылаз зегь рҟынтә "аԥыжәара" ргеит 35 - 40 шықәса зхыҵуаз. Зынӡ а46-ҩык ыҟан, урҭ ирышьҭанеиуан 40 - 45 шықәса зхыҵуаз, анаҩстәиқәа 30 - 35 шықәса зхыҵуаз – 38-ҩык.
Ижәны иныҟәо рзы аҟәаа актәи аҭыԥ ныркылоит ҩаԥхьа. Илҩаауп 86 хараԥса, анаҩс Гагра - 45 хараԥса, нас Гәдоуҭа - 33 хараԥса. Амза аҩныҵҟа иаанкылоуп хҩык аҳәсагьы. Ҩыџьа аҟәатәиқәоуп 40; 35 шықәса рхыҵуеит, егьи Афон ҿыц датәуп 24 шықәса ихыҵуеит. Аҳәса рымш азы ԥҳәыскгьы аанкылара лықәымшәеит, аҽны ахараԥса здыршәаз быжьҩык ахацәа роуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0