Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хәырхәмал ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: аҿар аинтерес ркит

Хәырхәмал ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: аҿар аинтерес ркит
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы 2024 шықәсазтәи апрограммахь иалкаауп 337 проект. Сынтәа аԥыжәара аазырԥшыз араионқәеи анхацәа рнапы зларкырц ргәы иҭоуи атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит акомиссиа алахәыла Гиви Хәырхәмал.
Акомиссиа алахәылацәа 500 проект ҭырҵааит. Уи азы иазоужьын иахәҭаз аамҭа, аиԥыларақәа мҩаԥган араионқәа, ақыҭақәа рҿы ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Хәырхәмал.
Акомиссиахь иалаҵаз рахьынтә 300 проект инацны адгылара аиуит. Урҭ рыбжьара иҟоуп аҵиааӡара иалагарц зҭаху, аԥсыӡааӡара, арахәааӡара, аԥсаатәааӡара, ашәыр аус адулара, иара убас ирацәоуп атехника маҷ зҭаху ауаа.
Хәырхәмал еиҭеиҳәеит араионқәа рҟынтә шаҟа проект адгалаз, насгьы урҭ рахьынтә акомиссиа шаҟа аднакылаз. Иара иазгәеиҭеит, зегьы реиҳа хыԥхьаӡара рацәала апроектқәа шрыдгалаз Очамчыра араион аҟынтә.
Апроектқәа адызгалаз рыбжьара иҟоуп аҭаацәарацәа, аибашьраан иҭахаз рҭаацәа, аха зегь реиҳа ҳзеигәырӷьо, ирацәаҩуп апрограмма аинтерес зкыз аҿар ҳәа иҳәеит Хәырхәмал арадиоинтервиу аҿы.
"Апроектқәа рыбжьара актәи аҭыԥ амоуп аҵиааӡара. Урҭ рыбжьара еиҳарак азҿлымҳара амоуп ацитрус. Раԥхьаӡа акәны иҳадыргалеит Аԥсны азы иҿыцу акультура, апапаиа ааӡара, иара адгыларагьы аиуит. Ҳаргьы аинтерес ҳзаҵоуп, алҵшәа гәаҳҭар ҳҭахуп. Арахәааӡараҿы иҟоуп аиҭакрақәа, уажәы аҳәарақәа ганы изааӡо адгылара раҳҭеит", - ҳәа азгәеиҭеит Хәырхәмал.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0