Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ломиа анхаҩы Ҭхьына ихныҟәгашьа иазкны

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ломиа анхаҩы Ҭхьына ихныҟәгашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Ҭхьынатәи анхаҩы Зураб Ломиа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" дасасын. Иара еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы ирыԥсҭазаашьоу, анхаҩы иџьабаа бзабааны иахьа иахьынӡаиԥыло, хныҟәгагас ирымоу, аԥсуа илеишәа-иқьабз ахьынӡеиқәырхоу иахьа ақыҭаҟны.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0