Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ирԥсахит аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагалараз аԥҟаррақәа

© SputnikМиграционная служба РА
Миграционная служба РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2024
Анапаҵаҩра
Уаанӡа иаку абаџь 60 мааҭ ишьҭыҵны иҟан.
АҞӘА, мшаԥы 17 – Sputnik. Ажьырныҳәа акы аахыс Аԥсны ирԥсахит аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагалараз аԥҟаррақәа ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Амиграциатә маҵзура азинтә ҟәша аиҳабы Мадина Маанԥҳа.
Уажәшьҭа арҭ иарбоу ахаҿқәа иахьнеиз аҭыԥ аҿы ашәҟәы аҽанҵараан аҳәынҭбаџь аҳасаб ала 200 мааҭ ршәароуп ареспубликаҿы 14 уахи-ҽни иреиҳаны аангылара ргәы иҭазар.
"Ари Аԥсныҟа аԥара ахшәааны аҭалара акәӡам иаанаго, иагькурорттә еизгараӡам, ари атәыла аҩнуҵаҟа имҩаԥырго процедуроуп. Аԥсны иҟазаара 14 мшы иахысыз аҳәаанырцәуаҩ иахәҭоу аусбарҭахь днеины дахьыҟоу аҭыӡҭазы адырра ҟаиҵароуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Атуристцәеи аҵара зҵои рзы еиҳа ирмариоу аҭаҩра мҩаԥысуеит: актәиқәа анхарҭа ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан, аҩбатәиқәа – ареспублика аҵараҵаратә системаҿы аҽҭаҩраан.
"Атуристцәа анхарҭақәа ианрыҩнало ашәҟәы рҽанырҵоит уи иазку аҭаҩратә-шәҟәаҿы. Аҵара зҵо аҵараҵаратә система аусбарҭа ашәҟәы иҭанагалоит. Ҳара хылаԥшра зуа усбарҭоуп. Ари маншәалоуп атәылаҿ аҳәаанырцәуаа рыҟазаара азгәаҭаразы", - ҳәа лҳәеит аҟәша аиҳабы.
Маанԥҳа иазгәалҭеит закәанла аангыларҭатә ҭыԥаҿ абаџь аҳәынҭбиуџьет ахь анеира хылаԥшра анаҭалар шакәу. Аамҭала ахатә секторқәа рҿы инхогьы ируалуп 14 мшы рышьҭахь Амиграциатә маҵзураҿы ашәҟәырҽанҵара. Абаџь ашәара ҟалоит Аԥсны иарбан банкзаалак аҿы.
Маанԥҳа лажәақәа рыла арҭ рҩызцәа аԥҟаррақәа уаанӡагьы иҟан. 2013 шықәса рзы абаџь 60 мааҭ рҟынтәи 200 мааҭ рахь ихалеит. ⠀
Уи адагьы ашәахтәҭагалара аҭахын хымш рышьҭахь, ҿҳәарасгьы мызкы арҭон. Уажәы урыстәылаа 90 уахи-ҽни аҿҳәара рыманы ашәҟәы рыҽҭаргалар ҟалоит, авиза ззыруа атәылақәа руааԥсыра – авиза аҿҳәараҟынӡа.
Аԥсны аҳәаанырцәуаа рыҟазаара хылаԥшра анаҭоит Амиграциатә маҵзура. Азакәан анормақәа реилагаразы ахараԥса ддыршәоит 4800 мааҭ инаркны 6000 рмааҭ рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0