https://sputnik-abkhazia.info/20240417/kakasyr-rymti-aturoperatortsa-raarazy-egyr-aregiona-rgy-aus-utup-1050786050.html
Кәакәасқьыр Ҟрымтәи атуроператорцәа рааразы: егьырҭ арегионқәа рҿгьы аус утәуп
Кәакәасқьыр Ҟрымтәи атуроператорцәа рааразы: егьырҭ арегионқәа рҿгьы аус утәуп
Sputnik Аҧсны
Ҟрымтәи атуроператорцәа мшаԥымза 11 инаркны 14 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥыргеит аинфотур. Арҭ амшкәа ирылагӡаны ареспублика атуризм ахырхарҭаҿы иҳамоу-иҳахӡу... 17.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-17T17:30+0300
2024-04-17T17:30+0300
2024-04-17T17:43+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/11/1050785886_0:0:1024:577_1920x0_80_0_0_af9f6700cb66fed959bd5af462e89d3c.jpg
Кокосқьыр Ҟрымтәи атуроператорцәа рааразы: егьырҭ арегионқәа рҿгьы аус утәуп
Sputnik Аҧсны
Кокосқьыр Ҟрымтәи атуроператорцәа рааразы: егьырҭ арегионқәа рҿгьы аус утәуп
Ҟрымтәи атуроператорцәа мшаԥымза 11 инаркны 14 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥыргеит аинфотур. Арҭ амшкәа ирылагӡаны ареспублика атуризм ахырхарҭаҿы иҳамоу-иҳахӡу, аинфраструктура зеиԥшроу, лшарақәас иҳамоу ҭырҵаауан. Еиҳа инарҭбааны ҳасасцәа азхьаԥшра ззыруз ахырхарҭакәеи, гәаанагарас ирызцәырҵызи арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амилаҭ туристтә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьыр. Асасцәа идырбан атуристтә обектқәа, иҳамоу алшарақәа деилыркаан ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәакәасқьыр. Атуроператорцәа еиҳарак Аԥсны марагыларатәи аган иазҿлымҳан, даара иргәаԥхеит иҳәеит иара."Ҳарҭ еиҳарак хықәкыс иҳамоу, ашықәс аамҭақәа зегьы атурист арахь даауа аҟаҵароуп. Ҭагалан инаркны ааԥнынӡа аԥсшьаҩы даҳҭахуп, уи еилыркааит даргьы. Убри азы ҳаицәажәеит. Урҭ аамҭақәа рзгьы Аԥсны аԥсшьаҩцәа аднакылартә иҟоуп, идҳарбашагьы маҷым. Даара аусура згәы иҭакны иҟаз ракәын иаҳҭаз. Убас иацҵаны егьырҭ арегионқәа рҿы аус узар, иаҳзеиӷьхоит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/11/1050785886_52:0:961:682_1920x0_80_0_0_3510c9977dc869fe66bc9663e848db79.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Кәакәасқьыр Ҟрымтәи атуроператорцәа рааразы: егьырҭ арегионқәа рҿгьы аус утәуп
17:30 17.04.2024 (ирҿыцуп: 17:43 17.04.2024) Ҟрымтәи атуроператорцәа мшаԥымза 11 инаркны 14 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥыргеит аинфотур. Арҭ амшкәа ирылагӡаны ареспублика атуризм ахырхарҭаҿы иҳамоу-иҳахӡу, аинфраструктура зеиԥшроу, лшарақәас иҳамоу ҭырҵаауан. Еиҳа инарҭбааны ҳасасцәа азхьаԥшра ззыруз ахырхарҭакәеи, гәаанагарас ирызцәырҵызи арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амилаҭ туристтә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьыр.
Асасцәа идырбан атуристтә обектқәа, иҳамоу алшарақәа деилыркаан ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәакәасқьыр. Атуроператорцәа еиҳарак Аԥсны марагыларатәи аган иазҿлымҳан, даара иргәаԥхеит иҳәеит иара.
"Ҳарҭ еиҳарак хықәкыс иҳамоу, ашықәс аамҭақәа зегьы атурист арахь даауа аҟаҵароуп. Ҭагалан инаркны ааԥнынӡа аԥсшьаҩы даҳҭахуп, уи еилыркааит даргьы. Убри азы ҳаицәажәеит. Урҭ аамҭақәа рзгьы Аԥсны аԥсшьаҩцәа аднакылартә иҟоуп, идҳарбашагьы маҷым. Даара аусура згәы иҭакны иҟаз ракәын иаҳҭаз. Убас иацҵаны егьырҭ арегионқәа рҿы аус узар, иаҳзеиӷьхоит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.