Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аекологиатә проект "Ицқьоу ахәмаррақәа" мҩаԥысит Алада Ешыра

© Sputnik / Марианна Кубрава Экологический волонтерский международный проект "Чистые Игры" в Абхазии
Экологический волонтерский международный проект Чистые Игры в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Ацқьаразы Евразиатәи акубок мҩаԥысит Алада Ешыра мшаԥымза 20 рзы.
Аекологиатә проект Аԥсны имҩаԥыргоижьҭеи ҩышықәса ҵуеит.
© Sputnik / Марианна Кубрава Ацқьаразы Евразиатәи акубок мҩаԥысит Алада Ешыра
Экологический волонтерский международный проект Чистые Игры в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2024
Ацқьаразы Евразиатәи акубок мҩаԥысит Алада Ешыра
Ҵыԥх акциа иалахәын 60-ҩык, сынтәа арзаҳалқәа алазҵаз рхыԥхьаӡара хынтә иазҳаит.
Апроект алахәылацәа сааҭк иалагӡаны агәамсам еидыркалоит, уи азы дара акәаталақәа роуеит. Аиааира ргоит еиҳа ирацәаны акәатала еидыхкыло акоманда.
Апроект аиҿкааҩцәа алахәылацәа ршәарҭадара иахылаԥшуеит: агәырқәеи ирзымдыруа егьырҭ амаҭәарқәеи рышьҭхра ҟалаӡом, аӡиас Гәымсҭа аҭалара азин ыҟаӡам.
"Ицқьоу ахәмаррақәа" Аԥсны мчыбжьык имҩаԥыслоит. Апроект ахықәкы-- аҿар реидкылареи аԥсабара агәамсам аҟынтәи арыцқьареи роуп. Аекологиатә проект аиҿкааҩцәа Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси.
© Sputnik / Марианна Кубрава Ацқьаразы Евразиатәи акубок мҩаԥысит Алада Ешыра
Экологический волонтерский международный проект Чистые Игры в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2024
Ацқьаразы Евразиатәи акубок мҩаԥысит Алада Ешыра
Ажәабжьқәа зегьы
0