https://sputnik-abkhazia.info/20240426/azlatsazhasha-amoup-torchuaai-ashai-agaze-asny-iakhati-ausura-iazkny-1050890495.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Торчуаԥҳаи Ҳашԥҳаи агазеҭ "Аԥсны" иахьатәи аусура иазкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Торчуаԥҳаи Ҳашԥҳаи агазеҭ "Аԥсны" иахьатәи аусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра инамаданы ажурналистикеи акультуреи рыҿиараҿы рлагалазы гәыԥҩык аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵан. Арадио Sputnik аефир аҿы... 26.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-26T19:25+0300
2024-04-26T19:25+0300
2024-04-26T19:25+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/1a/1050890331_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_0c7e87115a717286dc6a58e632525666.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Торчуаԥҳаи Ҳашԥҳаи агазеҭ «Аԥсны» иахьатәи аусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Торчуаԥҳаи Ҳашԥҳаи агазеҭ «Аԥсны» иахьатәи аусура иазкны
Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра инамаданы ажурналистикеи акультуреи рыҿиараҿы рлагалазы гәыԥҩык аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵан. Арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа ахьӡ зыхҵоу Шьарида Торчуаԥҳаи Аԥсны Акультура зҽаԥсазтәыз ҳәа ахьӡ зыхҵоу Хьыбла Ҳашԥҳаи еиҭарҳәеит, агазеҭ аҿы аусура ишалагаз, иахьатәи аамҭа иаанаго аҿыцрақәа русураҿы ишаларгало атәы.Шьаридеи Хьыблеи ҩажәашықәса инацны агазеҭ "Аԥсны" аҿы аус руеит. Арадиоефир аҿы еиҭарҳәеит уахь ишнеизи инеиԥынкыланы шықәсы рацәа аредакциаҿы русура ирзацу агәыбылра атәи. Шьарида Торчуаԥҳа дазааҭгылеит аамҭа иаанаго аҿыцрақәа рышҽақәдыршәо."Ажәытә абиԥара русура шьаҭас иҟаҵаны ԥхьаҟа аус иацҵатәуп. Аамҭа ҿыц иаанаго алагалақәа рыда ԥсыхәа шыҟам ҳбеит ҳхатә ԥышәала. Иахьа еиҳаби еиҵби асоциалтә даҟьақәа рҿы ианыҟоу, ҳаргьы уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Ҳхьысҳан, иҳамаӡамызт асаит. Ҩышықәса раԥхьа уи еиҿкаан, иара цхыраагӡа духеит, избанзар, автортә материалқәа рыла агазеҭ ҳархиоит, аха аинформациа цоит асаит аҿы. Агазеҭ ақьаад вариант сара сзы акырӡа аҵанакуеит. Уи баша цәажәарам", - ҳәа инаҵылшьит лара.Арадиостудиа асасцәа алацәажәеит аколлектив аҩнуҵҟа иҟоу аилибаакара атәы, еиҭарҳәеит агазеҭ аԥхьаҩцәа ирыдҳәалоу хҭысқәак.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/1a/1050890331_113:0:1229:837_1920x0_80_0_0_31cbe20e954dd53e817ebbefee8bf908.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Торчуаԥҳаи Ҳашԥҳаи агазеҭ "Аԥсны" иахьатәи аусура иазкны
Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра инамаданы ажурналистикеи акультуреи рыҿиараҿы рлагалазы гәыԥҩык аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵан. Арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа ахьӡ зыхҵоу Шьарида Торчуаԥҳаи Аԥсны Акультура зҽаԥсазтәыз ҳәа ахьӡ зыхҵоу Хьыбла Ҳашԥҳаи еиҭарҳәеит, агазеҭ аҿы аусура ишалагаз, иахьатәи аамҭа иаанаго аҿыцрақәа русураҿы ишаларгало атәы.
Шьаридеи Хьыблеи ҩажәашықәса инацны агазеҭ "Аԥсны" аҿы аус руеит. Арадиоефир аҿы еиҭарҳәеит уахь ишнеизи инеиԥынкыланы шықәсы рацәа аредакциаҿы русура ирзацу агәыбылра атәи. Шьарида Торчуаԥҳа дазааҭгылеит аамҭа иаанаго аҿыцрақәа рышҽақәдыршәо.
"Ажәытә абиԥара русура шьаҭас иҟаҵаны ԥхьаҟа аус иацҵатәуп. Аамҭа ҿыц иаанаго алагалақәа рыда ԥсыхәа шыҟам ҳбеит ҳхатә ԥышәала. Иахьа еиҳаби еиҵби асоциалтә даҟьақәа рҿы ианыҟоу, ҳаргьы уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Ҳхьысҳан, иҳамаӡамызт асаит. Ҩышықәса раԥхьа уи еиҿкаан, иара цхыраагӡа духеит, избанзар, автортә материалқәа рыла агазеҭ ҳархиоит, аха аинформациа цоит асаит аҿы. Агазеҭ ақьаад вариант сара сзы акырӡа аҵанакуеит. Уи баша цәажәарам", - ҳәа инаҵылшьит лара.
Арадиостудиа асасцәа алацәажәеит аколлектив аҩнуҵҟа иҟоу аилибаакара атәы, еиҭарҳәеит агазеҭ аԥхьаҩцәа ирыдҳәалоу хҭысқәак.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.