https://sputnik-abkhazia.info/20240510/ashba-arrat-ourykht-dokumenta-rzy-aar-zlaaaasha-amoup---1051010140.html
Ашәба арратә ҭоурыхтә документқәа рзы: аҿар злаҳааӡаша ҳамоуп
Ашәба арратә ҭоурыхтә документқәа рзы: аҿар злаҳааӡаша ҳамоуп
Sputnik Аҧсны
ХХ ашәышықәса 30-50-тәи ашықәсқәа раантәи Аԥсны арратә ҭоурых азы адокументқәа Аԥсуаҭҵааратә институт ҳамҭас иаҭоуп. Архивтә материалқәа аинститут иарҭеит... 10.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-10T19:20+0300
2024-05-10T19:20+0300
2024-05-10T19:20+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/08/1051009976_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_722cc4b0cea8d0398a9ce44e6ec3ae97.jpg
Ашәба арратә ҭоурыхтә документқәа рзы: аҿар злаҳааӡаша ҳамоуп
Sputnik Аҧсны
Ашәба арратә ҭоурыхтә документқәа рзы: аҿар злаҳааӡаша ҳамоуп
ХХ ашәышықәса 30-50-тәи ашықәсқәа раантәи Аԥсны арратә ҭоурых азы адокументқәа Аԥсуаҭҵааратә институт ҳамҭас иаҭоуп. Архивтә материалқәа аинститут иарҭеит урыстәылатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа Геннади Ларини Виачеслав Филлипови. Арҭ адокументқәа аинтернет-дәқьан аҿы иаархәеит. Урҭ ирну аинформациеи, аҵарауаа хәшьарас иарҭои атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Аԥсуа ҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.Арҭ адокументқәа иоригиналтәуп, аԥсуаа аҳаиртә еибашьра иалахәыз рфырхаҵара, иахьеибашьуаз уҳәа атәы аадырԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ашәба."Дара кьыс рымаӡамкәа, ицқьаӡа, напыла ҩыра хәыҵагәаны ирҭииуан. Ахсаала даара иџьашьатәуп. Ар ҟаԥшь еиқәдыршәаз, акырӡа аҵанакуеит. Аҟәысба Шамиль ҳара шәҟәыҩҩык, еиҭагаҩык иаҳасабала даҳдыруеит, аха авициаҿы илиршаз акырӡа ирацәоуп. Ҳара иҳаздырӡомызт егьырҭ аԥсуа-ԥырҩцәа рфырхаҵара атәы, уажәшьҭа аҿар злаҳааӡаша ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит Ашәба.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/08/1051009976_168:0:1945:1333_1920x0_80_0_0_b438fd4c48a09da38edc727267d6fb6d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Ашәба арратә ҭоурыхтә документқәа рзы: аҿар злаҳааӡаша ҳамоуп
ХХ ашәышықәса 30-50-тәи ашықәсқәа раантәи Аԥсны арратә ҭоурых азы адокументқәа Аԥсуаҭҵааратә институт ҳамҭас иаҭоуп. Архивтә материалқәа аинститут иарҭеит урыстәылатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа Геннади Ларини Виачеслав Филлипови. Арҭ адокументқәа аинтернет-дәқьан аҿы иаархәеит. Урҭ ирну аинформациеи, аҵарауаа хәшьарас иарҭои атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Аԥсуа ҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.
Арҭ адокументқәа иоригиналтәуп, аԥсуаа аҳаиртә еибашьра иалахәыз рфырхаҵара, иахьеибашьуаз уҳәа атәы аадырԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ашәба.
"Дара кьыс рымаӡамкәа, ицқьаӡа, напыла ҩыра хәыҵагәаны ирҭииуан. Ахсаала даара иџьашьатәуп. Ар ҟаԥшь еиқәдыршәаз, акырӡа аҵанакуеит. Аҟәысба Шамиль ҳара шәҟәыҩҩык, еиҭагаҩык иаҳасабала даҳдыруеит, аха авициаҿы илиршаз акырӡа ирацәоуп. Ҳара иҳаздырӡомызт егьырҭ аԥсуа-ԥырҩцәа рфырхаҵара атәы, уажәшьҭа аҿар злаҳааӡаша ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.