Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Михаил Мишустин аԥыза-министрс дахьыҟарҵаз идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2024
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Мишустин зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит.
АҞӘА, лаҵара 11 Sputnik. Аслан Бжьаниа Михаил Мишустин идиныҳәалеит Урыстәыла Аиҳабыра рнапхгаҩыс дахьыҟаҵоу, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит, асанкциақәа рҟынтәи ақәыӷәӷәара анрымоу аамҭазы Мишустин инапхгарала Аиҳабыра рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа зегьы ихырҳаган ишынарыгӡо.
"Шәара шәлагала дууп ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рыҿиараҿы. Агәра згоит, аԥхьаҟагьы ҳажәларқәа еицырзеиԥшу ахықәкқәа рынагӡараҿы Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиара шаиуа", — ҳәа аҳәоит атекст аҟны.
Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны, атәыла ахадас иалху иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь аиҳабыра ԥхьатәара ицоит. Аминистрцәа реилазаара ҿыц ашьақәыргылара иалагоит ахантәаҩы данарҭалак ашьҭахь. Уи азын аусԥҟа инапы аҵаиҩуеит атәыла ахада, аԥыза-министр икандитатура Аҳәынҭдума ианышьақәнырӷәӷәалак анаҩс.
Торжественное мероприятие приуроченное 30 летию прокуратуры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит имаҵзура дахьахагылаз
Ажәабжьқәа зегьы
0