Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы Ешыра ақыҭан аҭоурых арҵаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Григори Арӡынбеи ашкол аусмҩаԥгаҩ Надежда Иазычԥҳаи рҭаацәараҿы.
"Ахәыҷқәа зегь реиԥш, саргьы исазҵаауан "еиҳа бзиа иубода, уан лакәу, уаб иакәу?" ҳәа. Ари азҵаара еснагь исҳәо сҿамшәо сҟанаҵон. Иҟалома ус еиԥш ахәыҷы иани иаби еилихуа, ахәыҷқәа ҳахдырраҿы дара еидҳәалоуп. "Ан - ан лоуп", сара сани сареи ҳагәра еибагон, уамакала дысҭахын, дысҭахуп. Убасҵәҟьа сизыҟан сабгьы…"
Владислав Арӡынба даныхәыҷыз
Владислав Арӡынба даныхәыҷыз
Владислав Арӡынба даныхәыҷыз
Владислав Арӡынба даныхәыҷыз
…Исгәалашәоит, Ешыра ҳахьынхо, сани саби рышҟа лассы-лассы имҩахыҵуаз ҳқыҭауаа абыргцәа, излацәажәозаалакгьы, аҵыхәтәаны изызкылсуаз Аԥсни аԥсуа жәлари рразҟы акәын. Сара сгәанала, адунеи аҿы даҽа жәларык рыԥшаара уадаҩзар ҟалап, аԥсуаа реиԥш ажәлари аԥсадгьыли рлахьынҵа иазхәыцуа, иахӡыӡаауа. Уи џьашьатәӡам, избанзар аҟазаареи аҟамзаареи рызҵаатәы аԥсуаа ҳаиԥш даҽа жәларык рҿаԥхьа аҭоурых абас иҵарны иқәнамыргылацт. Машәыршақә иҟамлазар ҟалап, ҩыџьа ахьааидтәало, раԥхьа иааныркыло аныҳәаҿа ажәлари аԥсадгьыли иахьрызкугьы…
Владислав Арӡынба данқәыԥшыз
Владислав Арӡынба
Владислав Арӡынба иҩызцәеи иареи
Владислав Арӡынба амилаҭтә депутатцәа реизараан иқәгылара
Владислав Арӡынба данқәыԥшыз
Владислав Арӡынба
Владислав Арӡынба иҩызцәеи иареи
Владислав Арӡынба амилаҭтә депутатцәа реизараан иқәгылара
Рашәара 2, 1989 шықәсазы Москва, СССР Жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду аҟны аԥсуаа рҿахәы ҳәо раԥхьаӡа акәны ари аҩыза атрибуна ду аҟынтәи дықәгылеит Владислав Арӡынба. Аԥсны аразҟы далацәажәо, адепутат иажәахә аҿы иалкааны иазгәеиҭеит ақырҭуа екстремисттә политика иахҟьаны, риашашьа змам ахҭысқәа ҟалар шалшо.
Аполитикахь Владислав Арӡынба дааит аҭҵаарадырра ашҭа дҭыҵны. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Ҷыдала, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа аԥсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәуп ҳәа шьақәирӷәӷәон иара.
"Москва исхызгаз сымшқәа зегьы Ажәытәтәи Мрагылара аҟәша иадҳәалан. Уаҟа аусура салагеит саспирант қәыԥшны, Мрагылараҭҵаара аинститут ааныжьны санцоз – Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор аиҳабыс, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс сҟалахьан"
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба Аԥсны Арбџьармчқәа рхадараҿы дгылеит, уи азы ижәлар ражәеи рыгәрагареи иманы.
“
Ҳарҭ аибашьра ҳаларгалеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәԥон, иагьаиааит Ҳаԥсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаԥхьа. Иԥшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!
Зегь реиҳа ихлымӡааху ҳашьҭахьҟа инхеит, зегь реиҳа иуадаҩу – ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп...
1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны ахадас дҟалеит, 1999 шықәсазы аҩынтә раан Аԥсны ахадас жәлар рыбжьыҭираҟны далхын.
Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа академик, ианашьан В.И. Вернадски ихьӡ зху апремиа, Жәларбжьаратәи Кандуровтәи апремиа. Хәы змаӡам иџьабаақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Владислав Арӡынба ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара.
Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ, зыԥсҭазаара зегьы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзызкыз Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы. Иара иҿаҭахьала, анышә дамардеит дахьиз Ешыра ақыҭан, аибашьраан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа злацоз азааигәара.