Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чачхалиаԥҳа Москватәи Амшаԥтәи афестиваль азы: аҭакԥхықәра ду ҳаднаҵоит

Чачхалиаԥҳа Москватәи Амшаԥтәи афестиваль иазкны: даара бзиа иаабоит
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла Москватәи Амшаԥтәи афестиваль иалахәуп. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла ахормеистер, адирежиор хада иассистент Мадина Чачхалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит атәыла анҭыҵ ақәгылара иацу агәыхыҭхыҭреи, афестиваль аҿы азыӡырҩцәа ирыдыргало апрограммеи ртәы.
Москватәи Амшаԥтәи афестиваль амҽхак дууп, кыр зҵазкуа акәны иҟоуп, ҳаргьы даара бзиа иаабоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Чачхалиаԥҳа.
Сынтәа иара 48 коллектив рҟынӡа алахәуп. Москва мацара акәӡам аус ахьауа, Урыстәыла ахы-аҵыхәа аконцертқәа мҩаԥысуеит лҳәеит лара.
"Афестваиль аиҿкааҩцәа ирҭахуп апрограмма еиуеиԥшымзарц, аха ҳара иаҳҭахуп аԥсуа музыка, аԥсуа композиторцәа ӡыраҳгарц, ахәаԥшцәагьы уи ирҭахуп", – ҳәа лҳәеит Чачхалииаԥҳа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла ахормеистер еиҭалҳәеит раԥхьаӡа акәны афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡаз ашәа ҿыц ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0