Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қаџьаиа еиҭеиҳәеит амшцәгьа Арасаӡыхь аԥхасҭа ианаҭаз атәы

Қаџьаиа еиҭеиҳәеит Арасаӡыхь ԥхасҭас иаиуз амшцәгьа иахҟьаны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы ҳтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны Арасаӡыхь ақыҭан амҩақәа, афымцалашара, аинтернет уҳәа аԥхасҭа роуит. Ақыҭа ахада Рамин Қаџьаиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Иҟаз ақәаршҩы иахҟьаны Арасаӡыхь амҩаду ахәҭак ҳәазеит ҳәа адырра ҟаиҵеит ақыҭа ахада Қаџьаиа.
"Адгьыл ҳәазаны илбааит, 30 метра аҭбаара аҭаны акаҭран мҩа ианылеит. Авольт ҳаракы иатәу афымцацәаҳәақәа бжьызго ашьаҟақәа ҩба ыҵнарҩит. Араион аҟнытәи атехника аарышьҭын аус ауан, аха ҳақгәыӷуеит даҽа техникак ҳзацлап ҳәа. Алашара акәзар иҟаҳҵеит, аамҭала ҳәа афымцацәаҳәатә ашьаҟа аҳарсит", - иҳәеит Қаџьаиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Очамчыра араион аҟны лаҵара 13 рзы иауз ақәаршҩы иахҟьаны ақыҭақәа Кәтол, Џьгьарда, Ӷәада, Аҭара амҩақәа, ацҳақәа, анышәынҭрақәа аӡәӡәеит, аҩнқәа ирыҩналеит. Арасаӡыхь адгьыл ҳәазаны акаҭран мҩа анаркит.
Ажәабжьқәа зегьы
0