Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ацәыргақәҵақәа, аекскурсиақәа, аҟазаратә хәылԥызқәа: Аԥсны "Аҵх амузеи аҟны" шымҩаԥысыз

© Sputnik / Леон Адлейба "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны ишымҩаԥысыз
 Аҵх амузеи аҟны Аԥсны ишымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Лаҵарамза 18 аҽны Аԥсны имҩаԥысуеит "Аҵх амузеи аҟны" акциа.

Аҳәынҭмузеи

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аатит асааҭ 11:00 рзы. Ҩ-експозициак рызкын асахьаҭыхҩы Александр Чачба-Шервашиӡеи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Александр Ҭариеи.
"Сгәы ацԥаҳәаны Сыԥсадгьыл ахь схынҳәуан" захьӡу аекспозициа аартуп акциа "Аҵх амузеи аҟны" аҳәаақәа ирҭагӡаны. 1968 шықәсазы Алексадр Чачба-Шервашидзе иусугатә маҭәахәқәа Франциантәы иааганы амузеи иалҭахьан иԥҳа — Русудан.
© Sputnik / Томас Тхайцук "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны ишымҩаԥысыз
Экспозиция посвященная Александру Чачба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2024
"Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны ишымҩаԥысыз
"Ҳсахьаҭыхыҩ ду, ҳҿахәы зҳәоз Александр Чачба имаҭәақәа, иусуга маҭәахәқәа Франциантәи иааганы амузеи иарҭахьан, ҳфондқәа рҿы иҵәахны иҳаман. Есымшатәи ацәыргақәҵа иахәҭакны иҟамызт, аха уажәы атема злактуалтәу ала, ацәыӡ дуӡӡа ҳауит аҟынтә, маҷӡак ргәы ааҳарҟәандап ҳәа ари ацәыргақәҵа ҟаҳҵап ҳәа ҳаӡбеит", — амузеи аиҳабы Аркади Џьопуа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа Аҵх амузеи аҟны аан иӡыргахо иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2024
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа "Аҵх амузеи аҟны" аан иӡыргахо иазкны

Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи иаҭааз иахәаԥшыр рылшон ҩ-фотоцәыргақәҵак: Владислав Арӡынба иирамш иазкуи ареспублика атәылахьчара раԥхьатәи аминистр Владимир Аршба изкуи. Иара убасгьы амузеи аҿы иаартхоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Екатерина Синиавскаиа лгәалашәараз ацәыргақәҵа.
Владислав Арӡынба иҭаацәа рхатәы архиви Ахьӡ-Аԥша амузеи архиви рҟынтәи 60 инарзынаԥшуа афотосахьақәа цәырган.
Аекспонатқәа иреиҳау иреиуоуп актәи ахада иавтомашьына. Уи амузеи аҩналарҭаҿы игылоуп. Аекспозициа аартуп рашәарамза нҵәаанӡа.

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи

Афотоцәыргақәҵа "Аҟазара — иҭамбаӡо ӡыхьуп" аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы, Гәдоуҭа.
експозициа еиднакылеит Гәдоуҭатәи ашәаҳәаратәии акәашаратәии ансамбльқәа рартистцәа 233 рфотоҭыхымҭақәа. Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, зымҩаԥгара ргәы иҭоу афотоцәыргақәҵақәа ԥшьба рҟынтәи ари раԥхьатәиуп.
Аҭааҩцәа рзы ашәақәа нарыгӡеит аҳәынҭқарратә ансамбль "Риҵа".
© Sputnik "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны ишымҩаԥысыз
Акция Ночь в музее состоялась в Государственном музее Отечественной войны народа Абхазии имени Сергея Дбар в Гудауте.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2024
"Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны ишымҩаԥысыз

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аҿы сынтәатәи акциа аԥсуа ҩыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкуп.
Акциа ахықәкы хада – ашколхәыҷқәа, астудентцәа, аҿар амузеиқәа, аԥсуа культуреи алитературеи радԥхьалароуп лҳәеит амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаииаԥҳа.
Ашколхәыҷқәа рзы еиҿкаан амузеи азалқәа рахь аныҟәарақәа, амузеи аусзуҩцәа Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара ирҿиареи атәы рзеиҭарҳәеит. Ашколхәыҷқәагьы Жәлар рышәҟәыҩҩы иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Акциа "Аҵх амузеи аҿы" Аԥсны раԥхьаӡа имҩаԥган 2015 шықәсазы Аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.

Абанк Амузеи

Аԥсны Абанк амузеи акциа "Аҵх амузеи аҟны" амҩаԥгараз иаартын. Агәаҳәара змаз зегьы аԥараҿырп рчаԥар рылшон.
Амузеи аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа ицәыргоу аекспонатқәа рзы алекциа даԥхьеит. Иара убас раԥхьаӡакәны аҭааҩцәа идырбан аскульпотр Архип Лабахәуа иусумҭа - амҿтәы арашь.
Ажәабжьқәа зегьы
0