Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Ҳагба Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Ҳагба Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа изкны
Анапаҵаҩра
Асовет Еидгылеи Аԥсни Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи иахьа 110 шықәса ҵит. Атеатри акинои рактиор, арежиссиор, адраматург, аҟаза ду арадио Sputnik аефир аҟны дигәаларшәо ирҿиара аҷыдарақәеи, иуаҩышьеи, ихаҵашьеи дырзааҭгылеит Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.
"Шәарах актиорк, аԥсыуа хаҵак иаҳасабала дызларылукаауа аҷыдарақәа иман. Ақырҭцәеи ҳареи еснагь аҟыҟҿык ҳамамзи, афестиваль ахь дымцаӡеит зны. Зегьы иџьаршьеит усҟан Шәарах дымшәаӡакәа Асовет ҳәынҭқарраҿы ихымҩаԥгашьа… Шәарах аспектакль "Отелло" аҟны инаигӡаз Иаго ихаҿсахьа иреиӷьӡоу ҳәа иԥхьаӡан асовет тәылаҿы… Уажәы аԥсуа хаҵа исахьа аԥшаара цәгьоуп. Шәарах иныҟәашьа, ицәажәашьа, игылашьа, инаԥшышьа, еиҿартәашьа, аҟазараҿы дыҟазма, ажәлар ахьеизо дыҟазма - даԥсыуа хаҵан. Уи уныруазароуп, иныҟәугозароуп. Шәарах уи (аԥсуара-азгәаҭа) ныҟәызгоз дреиуан… Шәарах асценаҿы ицыҟазаара, акымзарак уаԥсамзаргьы, икәшамыкәша иаԥиҵоз аҳауа, аенергетика уаланагалон. Ус анцәа уишароуп. Ус дыҟан Шәарах", - иҳәеит Ҳагба.
Иналукааша аԥсуа актиор Шәарах Ԥачалиа диит 1914 шықәса, лаҵарамза 20 рзы, Гәдоуҭа араион, Аацы ақыҭан. Иактиортә мҩа данылеит Аҟәа иҟаз атеатралтә студиаҿы. Шәарах Ԥачалиа ирҵаҩцәа дыруаӡәкын еицырдыруаз аԥсуа милаҭтә кульутра аусзуҩы Кондрат Ӡиӡариа. Анаҩс, Шәарах Абзагә-иԥа иҵара иациҵеит Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатр астудиаҿы. Раԥхьаӡа акәны аԥсуа хәаԥшцәа иара асценаҿы дырбеит 1931 шықәсазы, Самсон Ҷанба иқәыргыламҭа "Кьараз" аҿы ихадоу арольқәа руак наигӡеит. Шәарах Ԥачалиа ахәаԥшцәа реиҳа бзиа ирбоз актиорцәа дыруаӡәкын. Ирольқәа рҟынтәи иаҳа иалыркаауан– Иаго ихаҿсахьа, Шекспир ипиеса "Отелло" аҟны ихадоу аперсонажцәа руаӡәы. Иааизакны Ԥачалиа асценаҿы 150 инареиҳаны ахаҿсахьақәа наигӡеит. Асценаҿы ақәгылара анаҩсгьы 1939 шықәса инаркны аспектакльқәа ықәиргылон, атеатр азы иҩхьан апиесақәа. Шәарах Ԥачалиа Аԥсуа драматә театр напхгара аиҭон 1976 инаркны 1988 шықәсанӡа. Иара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны еиҿикааит асатиреи аиумори ртеатр "Чарирама", убасгьы Актиорк итеатр, амоноспектакльқәа рыла дықәгылон. Шәарах Ԥачалиа иоуп еиҿызкааз, напхгарагьы аиҭон Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр.
Артист ду иԥсҭазаара далҵит абҵарамза 2000 шықәсазы. 2001 шықәсазы Шәарах Ԥачалиа ихьӡ ахҵан Тҟәарчалтәи атеатр.
Ажәабжьқәа зегьы
0