Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Инџьгьиа Кавказтәи аибашьра иазку аконференциазы: ииашоу алкаақәа рыҟаҵара ахықәкуп

Инџьгьиа Кавказтәи аибашьра иазку аконференциазы: ииашоу алкаақәа рыҟаҵара ахықәкуп
Анапаҵаҩра
"Кавказтәи аибашьра: аҭоурых аурокқәеи иахьатәи аамҭеи" захьӡу Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 160 шықәса аҵра иазку, аҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩ, арҵаҩы, ауаажәларратә усзуҩ Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысуеит лаҵара 20-22 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Уи еиҿыркааит ААУ, Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә палата, Аԥсны аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы, Аԥсуаҭҵааратә институт.
Аконференциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ арҵаҩы еиҳабы Џьамбул Инџьгьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи зызку, хықәкыс иамоу атәы.
Аҭоурыхҭҵааҩ ицәажәараҿы иазгәеиҭеит аконференциақәа хықәкыс ишрымоуиҿыцу адыррақәа рырҳара, аҭҵаарадырраҿы иҿыцу азнеишьақәа, аконцепциақәа цәырҵуеит, урҭ аҵарауаа рхы иадырхәалароуп ҳәа.
"Абри аконференциа даҽа ихадоу хықәкыкгьы амоуп, сгәанагарала. Иарбан уи? Иҟоуп мраҭашәаратәи ҳәынҭқаррақәак Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иахьатәи ҳаизыҟазаашьа ахьыбзиоу згәамԥхо, ахҟа ҳабжьарҵар зҭаху маҷӡам. Убри амеханизмқәа ируакуп азеижәтәи ашәышықәсазы ахҭысқәа. "Ишәымбои Урыстәылатәи аимпериа ишәызнауз" ҳәа аҵәы зыршырц зҭаху маҷҩым. Убри аганахьала ари аконференциагьы, хымԥада,иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара иазкуп. Ажәахәқәа ԥыҭк сырзыӡырҩит. Зегьы еицҿакны ирҳәоит азеижәтәи ашәышықәса даҽа аамҭан, уи ииашоу алкаақәа ҟаҳҵароуп уаҵәтәи ҳԥеиԥш азыҳәан. Аҳәынҭқаррақәа цәгьахәыцрала ҳаичзырчырц зҭаху усҟангьы иҟан, иахьагьы иҟоуп, уаҵәгьы иҟалозар акәхап. Убри ҳаиааины, ҳаиҳаны ҳҟаларц азы ас епш аконференциақәа мҩаԥгалатәуп ҳәа иқәгылоз иазгәарҭон. Иацтәи аҭоурых, хымԥада, иаҳдыруазароуп, уаҵәы џьара гхақәак ҳмыхьырц азы", -иҳәеит Инџьгьиа.
Иара иазгәеиҭеит а- ХIХ-тәи ашәышықәсазы Кавказ атрагедиа еиҳарак изыхҟьаз аилибамкаароуп ҳәа гәаанагарас ишрымоу аҭҵааҩцәа.
"Ишахәҭоу еиԥш ажәлар, амилаҭ, рыхдырра, ретнопсихологиа, ркультура иацу аҷыдарақәа анҭыумҵаалак, аимак ахь икылнагоит. Уи акы. Иҩбахаз, ахаҭарақәа роуп. Аҭоурых аҿы ахаҭарақәа рхымҩаԥгашьа акраҵанакуеит",- иҳәеит Инџьгьиа.
Аҭоурыхҭҵааҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит иахьагьы агәаҽанызаара ду шаарԥшлатәу, избанзар ахҭысқәа иццакцәаны имҩаԥысуеит урҭ рыҭҵаара уанахьымӡогьы ыҟоуп ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәышоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0