Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аб Игнати (Кьиут) ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи имш Аԥсны азгәаҭаразы: аҵакы дуӡӡоуп

Аб Игнати (Кьиут) ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи имш Аԥсны азгәаҭаразы: аҵакы дуӡӡоуп
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны ақьырсиан иашахаҵаратә дин ныҟәазго иазгәарҭоит ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи игәаларшәара амш. Ацҳаражәҳәаҩ имш азгәаҭара аԥсуа иашахаҵаратә уахәамаҿы аныҳәа хадақәа ируакуп, аҳәынҭқарраҟны ныҳәатә ԥсшьарамшуп. Ари аҽны ауахәамақәа рҟны анцәаиашьапкра зҽалазырхәуа рацәаҩуп, ҷыдала аныҳәа инақәыршәаны Аԥсныҟа иаауа асасцәагьы ыҟоуп.
Ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи имш азгәаҭара аҵакы, иара ихьӡ иадҳәалоу еиуеиԥшым аҳәамҭақәа, арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут).
"Ҳара ҳҭоурых, ҳқьырсиантә ҭоурых аҵак дуӡӡа амоуп, хымԥада. Ҳтоурых шьҭаҳхлароуп, аҿар ирзеиҭаҳҳәалароуп. Иаҳҭахуп ашколқәа рҟынгьы ҳқьырсиантә ҭоурых рыладырҵәаларц, ирарҳәаларц мызкахьы знык акәзаргьы. Уи аӡәгьы иԥырхагаӡам, ирмыхәозар, наҟ-наҟ уигьы ҟалап ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәеит аб Игнати (Кьиут).
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ацқьа Симон Кананит Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Ҳашықәсԥхьаӡара 55 шықәса рзеиԥш иахьатәи Афон ҿыц азааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас илихит. Ԥсырӡха аӡиас аԥсҭаҿы апостол агәаҟраԥсра идикылеит. Аҳәамҭа ала Симон иҳаԥы азааигәара I ашәышықәсазы иԥшьоу аӡыхь зҩыда ахы ыҵнахит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҵхәраа илеиуеит. Иара анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы IХ ашәышықәсазы ихьӡала ауахәама дыргылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0