Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Багаҭелиа Ауадҳара сынтәа аԥсшьара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Багаҭелиа Ауадҳара сынтәа аԥсшьара иазкны
Анапаҵаҩра
Ауадҳара аҭааразы амҩа аартуп, аха аԥсшьаразы уа иаанҿасыр зҭаху ауаа макьана иаднакылома аԥсшьарҭа, сынтәатәи асезон иахьынӡазыҟаҵоу, аԥсшьарҭаҟны аанҿасразы ахәԥсақәа зеиԥшрахо, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа.
Аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы еиԥш атәыла анҭыҵынтә иаауа рзгьы хә-иара ҭыԥк змоу аҩнаҿы уахыктәи аангылара 6 000 мааҭ артәоит иҳәеит Багаҭелиа. Ԥшь-еихагылак змоу асасааирҭаҿы актәи, аҩбатәи аихагылаҟны 3 500 мааҭ иркуеит, ахԥатәи, аԥшьбатәи аихагылаҿы — 3 000 мааҭк.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0