Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Кобахиӡе иажәақәа рзы: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи еснагь Қырҭтәыла хьааны ирымазаауеит

Ҳагба Кобахиӡе иажәақәа рзы: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла хьааны ирамазаауеит еснагь
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит ақырҭцәа рыԥхыӡ ишалоу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рырхынҳәра, 2030 шықәсазы Евроеидгыла иахәҭакны аҟалара. Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аԥыза-министри "иреиԥхыӡуа зегьи" ирабжьыргоит рхы рнапаҿы иааганы ртәыла аҩнуҵҟа иҟоу аполитикатә уадаҩрақәеи урҭ рымшала иааигәахо апарламенттә алхрақәеи ирызхьаԥшырц.
Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рырхынҳәразы ирымоу агәаҳәара аӡәгьы иџьеишьаӡом иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. Аԥсны аҿаԥхьа иқәгылоу адҵа хада — ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара, уи арҿиара, арӷәӷәара ауп, иазгәеиҭеит иара.
Беслан Ҳагба иажәақәа рыла, ас еиԥш аҳәамҭақәа Қырҭтәыла аганахьала еснагь иҟазаауеит, избанзар, ари хьааны, ичмазараны ирымоуп, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Қырҭтәыла имҩаԥысраны иҟало алхрақәа атәыла аҩныҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа ишаныруа атәы далацәажәеит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0