Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Галтәи араионтә усӡбарҭа амилициа аусзуҩцәа рганахь ала ашьауӷатә ус хнаркәшеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Галтәи араионтә усӡбарҭа ихнаркәшеит амилициа аусзуҩцәа Альберт Зарақәуеи Вианор Абшьлааи рганахь ала ашьауӷатә ус ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Зус хазы иалкны ишьақәыргылоу Давид Кәакәасқьыри дареи ахара рхараҵан иааныркылаз Витали Қарбаиа игәабзиара ааха арҭеит рмаҵзуратә мчрақәа ирхырҳәҳәаны ҳәа.
Ԥхынҷкәын 6 2023 шықәсазы Кәакәасқьыр дааникылеит ижәны иҟаз Витали Қарбаиа, аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшахьы днеигеит. Уа аӡәгьы даламырхәыкәа, ашәҟәы иҭамгалакәа иааникылаз игәаҭара мҩаԥигеит. Кәакәасқьыр иахәҭам ала ииҳәаз ажәақәа рҭакс дисуеит.
Убри аамҭазы аҷаԥшьарҭатә хәҭахьы инеит Зарақәуеи Абшьлааи. Урҭ Кәакәасқьыр идгыланы Қарбаиа ипҟара иалагеит, игәышԥы аганахь ала аахақәа ирҭеит, иваҵкьарақәа ԥырҵәеит, илахь ашьа ҭадыртәеит. ⠀
Абри ашьҭахь Қарбаиа закәаншьаҭада аанкыларҭахь днаргеит. Қарбаиа ихы дақәиҭыртәит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 7 азы.
Ԥхынҷкәын 8 рзы Витали Қарбаиа Галтәи ахәшәтәырҭаҟынтәи Ареспубликатә хәшәтәырҭахь дааргеит, аха ԥхынҷкәын 9 рзы иԥсҭазаара далҵит. ⠀
Зарақәуеи Абшьлааи аанкылан 2024 шықәса жәабранмзазы, Кәакәасқьыр иԥшаараз алаҳәара ҟаҵан.
Аӡбарҭа зус аӡбоз ариашеит, аха ҭакԥхықәрада рхы мҩаԥыргеит ҳәа азгәарҭеит. Ахараԥса ҳәа 50 000 мааҭ рықәҵаны шықәсык аҩнуҵҟа маҵзурақәак рҟны аусура азин рымырхит. Дара аӡбарҭатә зал аҟынтәи рхы иақәиҭыртәит.
Ажәабжьқәа зегьы
0