Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сабекиа еиҭеиҳәеит адгьылҭҵаара иазкыз асимпозиум аҿы аҵарауаа иалыркааз атәы

Сабекиа еиҭеиҳәеит, адгьылҭҵаара иазкыз асимпозиум аҿы аҵарауаа иалыркааз атәы
Анапаҵаҩра
Шәача Асубтропикатә аҭҵаарадырратә центр аҟны имҩаԥысит жәларбжьаратәи анаукатә симпозиум. Иара иазкын Аԥсныи Урыстәыла иахьаҵанакуа асубтропикатә ҭыԥқәа рҿы дгьылқәа рҭагылазаашьа. Асимпозиум аусура иалахәын аԥсуа ҵарауаа. Ақыҭанхамҩатә аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада Дмитри Сабекиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аусмҩаԥгатә храс иалаз атәы.
Адгьылқәа рҭагылазаашьеи, урҭ рхархәара ашәырааӡараҿы, абри акәын изызкыз Урыстәыла еиуеиԥшым аҭҵааратә институтқәа рҵарауаа еизызгаз асимпозиум, иҳәеит арадиоефир аҿы Сабекиа. Иара убасгьы еиҿкаан адгьылхкқәа рцәыргақәҵа, иӡырган Аԥснынтә инаган адгьылқәагьы.
Сабакиа еиҭеиҳәеит, ажәахә зманы иқәгылаз аԥсуа ҵарауаа ртемақәа рҿы изааҭгылаз, насгьы, иҳәеит, аргыларақәа рҿы адгьыл аҭҵаара, уи аус ииашаны азнеишьа азҵаара аҵарауаа хшыҩзышьҭра аҭатәны изырыԥхьаӡо.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0