https://sputnik-abkhazia.info/20240529/dumaa-sergei-bagash-izy-azhlar-ry-akgy-iaomyzt-dyrzaaigan--1051195146.html
Думаа Сергеи Багаԥшь изы: ажәлар рҿы акгьы иӡаӡомызт, дырзааигәан
Думаа Сергеи Багаԥшь изы: ажәлар рҿы акгьы иӡаӡомызт, дырзааигәан
Sputnik Аҧсны
Лаҵара 29 2011 шықәсазы 63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Дышԥанылеи иара аполитикатә мҩа, ишԥаныҟәигоз амаҵзура... 29.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-29T12:00+0300
2024-05-29T12:00+0300
2024-05-29T14:10+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/1d/1051194981_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_df9fba264d65cbf5a6821c01b0ae5355.jpg
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Думаа Сергеи Багаԥшь изкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Думаа Сергеи Багаԥшь изкны
Лаҵара 29 2011 шықәсазы 63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Дышԥанылеи иара аполитикатә мҩа, ишԥаныҟәигоз амаҵзура еиуеиԥшым аамҭазы дызхадыргылоз, иарбан уаҩытәыҩсатә ҟазшьаз илаз, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Сергеи Багаԥшь 80-тәи ашықәсқәа раан аус ицзухьаз, ибзиан дыздыруаз, усҟан Ҭхьына аколхоз напхгара азызуаз, иахьа Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.Аа-шықәса аус еицаҳуан, ҳацәгьа ҳабзиа ак акәын, даара аҵоура бзиа змаз уаҩын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Думаа."Ақыҭанхамҩа бзиа ибон, дазааигәан. Мчыбжьык ахь хынтә Очамчыра араион зегьы дакәшаны, аколнхарақәа дрылсны, еликаауан ирыгу-ирыбзоу, енагь имашьына иҭан арезинатә магәқәа. Уа данеилак, иеимаақәа ааишьхны, амагәқәа ишьаҵаны ачаи аплантациақәа дрыбжьалан игәеиҭон. Иаҭахызар, атрактор дақәтәон. Иҟазшьа бзиан, иуаҩышьа, аԥсуара бзиа ибон", - ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Думаа.Аполлон Думаа игәалаиршәеит 1989 шықәса рзы ақырҭцәеи аԥсуааи реидыслараҿы Сергеи Багаԥшь иуаажәлар дышрылагылаз. Уи иахьырҟьаны Қарҭ изашшын иусура дамырхит. Думаа еиҭеиҳәеит, уи еиҭа иус ахь дгьежьыртә еиԥш ақырҭуа политика иаҿагыланы имҩаԥыргоз аусура атәы.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа. Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ даналга, дҭалеит Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт. 1972 шықәсазы далгоит "агроном" изанааҭ иманы.Сергеи Багаԥшь иполитикатә мҩа хациркит СССР аамҭақәа рзы, 1979-1980 шықәсқәа рзы Қырҭтәылатәи акомсомол Аԥснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, анаҩс Очамчыратәи апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс. Асовет Еидгыла анеилаҳа, Сергеи Багаԥшь Очамчыра араион адепутатцәа жәлар рхеилак ахантәаҩыс аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит.2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара. 2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. Иара илшарақәа ирыбзоураны 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны азханаҵеит.Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/1d/1051194981_180:0:2909:2047_1920x0_80_0_0_247430eddfebd13f7133b38db8be5e32.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Лаҵара 29 2011 шықәсазы 63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Дышԥанылеи иара аполитикатә мҩа, ишԥаныҟәигоз амаҵзура еиуеиԥшым аамҭазы дызхадыргылоз, иарбан уаҩытәыҩсатә ҟазшьаз илаз, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Сергеи Багаԥшь 80-тәи ашықәсқәа раан аус ицзухьаз, ибзиан дыздыруаз, усҟан Ҭхьына аколхоз напхгара азызуаз, иахьа Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.
Аа-шықәса аус еицаҳуан, ҳацәгьа ҳабзиа ак акәын, даара аҵоура бзиа змаз уаҩын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Думаа.
"Ақыҭанхамҩа бзиа ибон, дазааигәан. Мчыбжьык ахь хынтә Очамчыра араион зегьы дакәшаны, аколнхарақәа дрылсны, еликаауан ирыгу-ирыбзоу, енагь имашьына иҭан арезинатә магәқәа. Уа данеилак, иеимаақәа ааишьхны, амагәқәа ишьаҵаны ачаи аплантациақәа дрыбжьалан игәеиҭон. Иаҭахызар, атрактор дақәтәон. Иҟазшьа бзиан, иуаҩышьа, аԥсуара бзиа ибон", - ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Думаа.
Аполлон Думаа игәалаиршәеит 1989 шықәса рзы ақырҭцәеи аԥсуааи реидыслараҿы Сергеи Багаԥшь иуаажәлар дышрылагылаз. Уи иахьырҟьаны Қарҭ изашшын иусура дамырхит. Думаа еиҭеиҳәеит, уи еиҭа иус ахь дгьежьыртә еиԥш ақырҭуа политика иаҿагыланы имҩаԥыргоз аусура атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа. Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ даналга, дҭалеит Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт. 1972 шықәсазы далгоит "агроном" изанааҭ иманы.
Сергеи Багаԥшь иполитикатә мҩа хациркит СССР аамҭақәа рзы, 1979-1980 шықәсқәа рзы Қырҭтәылатәи акомсомол Аԥснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, анаҩс Очамчыратәи апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс. Асовет Еидгыла анеилаҳа, Сергеи Багаԥшь Очамчыра араион адепутатцәа жәлар рхеилак ахантәаҩыс аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит.
2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара. 2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. Иара илшарақәа ирыбзоураны 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны азханаҵеит.
Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.