Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Дырмит Гәлиа иеиҭагамҭоу Аевангелие ахкьыԥхьаақәа хԥа ҭрыжьраны иҟоуп

© Foto / Министерство культуры АбхазииКопии Евангелия в переводе Дмитрия Гулиа издадут в Абхазии
Копии Евангелия в переводе Дмитрия Гулиа издадут в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Дырмит Гәлиа иеиҭагамҭоу Аевангелие ахкьыԥхьаақәа хԥа ашәҟәыҩҩы диижьҭеи 150 шықәса аҵра аҳаҭыраз иҭрыжьраны иҟоуп.
Аиҭагамҭа 1912 шықәсазы 120 цыра иҟаны иҭыжьын. Урҭ руак Санкт-Петербург иҵәахуп.
Ахкьыԥхьаақәа Иван Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотека аҿаҵарала иазырхиахоит, арепринт аԥснытәи астудиа "Артель" имҩаԥнагоит.
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, аҵарауаҩ, алингвист Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы. 2024 шықәса ареспубликаҿы Гәлиа ишықәс ҳәа ирылаҳәоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0