Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2025 шықәсанӡа Аԥсны иаԥҵахоит адыррақәа рыҵәахреи рыхьчареи иаку рсистема

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТамбовский филиал ПАО "Ростелеком"
Тамбовский филиал ПАО Ростелеком - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2024
Анапаҵаҩра
2022 шықәса абҵарамзазы, Аминистрцәа реилазаара "Аҳәынҭқарратә информациатә ресурсқәеи адыррақәа рбазеи раԥҵареи рыхьчареи рзы иаку асистема аԥҵаразы" апрограмма аднакылеит.
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. "Аҳәынҭқарратә информациатә ресурсқәеи адыррақәа рбазеи раԥҵареи рыхьчареи рзы иаку асистема аԥҵаразы" апрограмма аусура аларгара азԥхьагәаҭоуп 2025 шықәса анҵәамҭазы – 2026 шықәса алагамҭаз ҳәа иҳәеит аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роланд Ратия.
Апрограмма иахықәкы хадоуп - аҳәынҭқарратә информациатә ресурсқәеи адыррақәа рбазеи раԥҵареи рыхьчареи рзы иаку асистема аԥҵара, зыҟны иаку адокументеикәыршара мҩаԥысуа, аҳәынҭқарратә мчрақәа русбарҭақәа рдыррақәа рҵәахуа, асаитқәа рҵәахуа.
"Ԥхьаҟазы иҟоуп агәҭакқәа ауааԥсыра аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рзынагӡаразы ахырхарҭарацәатә центрқәа раартра. Уи азы ихымԥадатәиуп адыррақәа аус ахьрыдыруло ацентр. Ари ацифратә ҳәынҭқаррахь раԥхьатәи шьаҿоуп", - ҳәа иҳәеит Ратиа.
Апрограмма х-етапкны хышықәса ҳәа еихшоуп. Актәии аҩбатәии аетапқәа иазԥхьагәарҭоит анџьныртә инфраструктура аус адулара, ацентр фымцамчла аиқәыршәареи архьшәашәареи рсистемақәа рыла аиқәыршәара. Урҭ уажәы ахыркәшарахь инаргахьеит. Ахԥатәи аетап 2025 шықәсазы ихыркәшахароуп. Уи ахь иаҵанакуеит асервер ақәыргылара, апрограмматә еиқәыршәара аԥҵара, иара убасгьы аҟазауаа разыҟаҵара.
Лаҵара 22 рҟынӡа Аилак аконкурстә зыҳәақәа аднакылон аппаратқәа, апрограмматәии ателекоммуникациатәии хархәагақәа раахәараз. Ратиа иажәақәа рыла, еиндаҭлара зыҟамлеит, избанзар акомиссиахь инашьҭыз зыҳәа заҵәык акәхеит.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара адыррақәа рбаза аԥҵареи ахьчареи рыпрограмма аднакылеит
Аилак иазԥхьагәанаҭоит аконкурс еиҭарыларҳәарц, даҽазныкгьы еилахәыра заҵәык уи аҽаланархәыр, уи адокументқәа атехникатә нормақәеи адҵақәеи ирықәшәозар аиааира агеит ҳәа иԥхьаӡахоит.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәса абҵарамзазы апрограмма аднакылеит. Апрограмма аусдҵақәа иреиуоуп анџьныртә, аинформациатә, атехнологиатә, ахархәаратә инфраструктура ирзырхоу Аҳәынҭқарратә центр аԥҵареи ауснагӡатәқәа рымҩаԥгареи. Иара убасгьы апрограмма иахықәкуп адыррақәа ранализ аҟаҵареи аҟазауаа разыҟаҵареи, аҳәынҭқарратә дыррақәа рыхьчара аинформациатә шәарҭадаразы асистема аԥҵареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0