Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аушьҭымҭацәа ашколтә ԥсҭазаара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аушьҭымҭацәа ашколтә ԥсҭазаара иазкны
Анапаҵаҩра
Баграт Шьынқәаба ихьӡ зху аҟәатәи актәи абжьаратә школ аушҭымҭа Аида Бараҭелиаԥҳаи, Ҭхьынатәи абжьаратә школ аушьҭымҭа Сабина Бигәааԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит, ашколтә аԥсҭазаара ргәалашәараҿы ишаанхо атәы, иалырхыз рзанааҭ ишазнеиз.
Аида Бараҭелиаԥҳаи лажәақәа рыла ашколтә аамҭа, ҳәарада, лгәалашәараҿы иаанхоит, избанзар, лырҵаҩцәеи лҩызцәеи ргәыбылра лкит.
"11 шықәса гәахәарыла исгәаласыршәалоит, урҭ даара ирлас имҩасит. Сгәы хыҭ-хыҭуеит иахьаансыжьуа, аха сызныло амҩа дугьы ус илашахап ҳәа сгәыӷуеит", - азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Бараҭелиаԥҳа.
Аида ахьтәы медалла далгоит, уи аҭакԥхықәра ду уднаҵоит, ҳәа азгәалҭеит лара аиҿцәажәараҿы. Амаҭәарқәа зегьы еицеизыԥшны илзааиуеит, аха еиҳарак иалылкаауеит аԥсуа бызшәеи алитературеи, Аԥсны аҭоурыхи роуп, аха урҭ инарываргылан даара бзиа илбоит аматематикеи афизикеи, уи ауп апрограммирование залылхызгьы.
Сабина илҳәеит, ашколтә ԥсҭзаара акырӡа шаҵанакуа лара лзы, уи шымариамызгьы, ишыгәхьааалгало.
"Арҵаҩцәеи ҳареи даара ҳаизааигәан. Исырҳаз адыррақәа хәарҭахоит сара сзы", - лхәеит лара. Сабина ААУ апсихолог изанааҭ ала аҵара дҭаларц лгәы иҭоуп.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0