Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьынџьалԥҳа Аԥсны ахәыҷы изинқәа рзы аҭагылазаашьа иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Џьынџьалԥҳа Аԥсны ахәыҷы изинқәа рзы аҭагылазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит рашәара аказы. Аҟәа ақалақь ахадара ари амшныҳәа азгәаҭаразы еиҿнакааз ауснагӡатәқәа рашәара 3 - 4 рышҟа иианагеит амш аҽеиҭакра иахҟьаны.
Ахәыҷқәа рыхьчара амш азы еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟны иаԥырҵоит аныҳәатә гәалаҟазаара, арлахҿыхратә уснагӡатәқәа. Хымԥада, арҭқәа амш иахәҭакуп, аха аҵакы атәы уҳәозар, уи акыр еиҳауп, иҵаулоуп. Ахәыҷы даниз инаркны имоуп зеилагара ҟамло азинқәа. Уи иааӡараҟны ихымԥадатәиуп аԥсҭазаара ахырхарҭақәа иреиуоу агәабзиарахьчара, аҵара. Иабанӡахьчоу ахәыҷы даниз инаркны имоу зеилагара ҟамло изинқәа ҳҳәынҭкарраҟны, иқәнагоу аҭагылазаашьақәа ахьынӡаԥҵоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Ахәыҷы изинқәа рымҽхак ҭбаауп, урҭ зегьы шьақәгыларц азы аусура даара иуадаҩуп. Ахәыҷы иԥсҭазаара лашахарц, ихәыҷра аччара агымзарц ҳара аиҳабацәа аҭакԥхықәра дуӡӡа ҳадуп. Иҟоуп аҭаацәарақәа ус еиԥш аҭагылазаашьа идырны иаԥызымҵо, иҟоуп алшара змам. Арҭ азҵаарақәа ихаданы иқәгылоуп иахьа ҳара ҳтәылаҟынгьы", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0