Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи амилаҭтә парк ахь уназго амҩа аҟаҵаразы ф-миллионк инареиҳаны иазоужьуп

© SputnikРицинский реликтовый национальный парк
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә парк ахь уназго амҩа аҟаҵаразы ф-миллионк инареиҳаны иазоужьуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Иазгәаҭоуп амҩа аҭыжаарақәеи аӡиа Риҵа аԥшырҭатә ҭыԥ аҟынтәи хыхь амашьынақәа рыргыларҭа аҟынӡа 700 метра инарзынаԥшуа амҩа аиҭашьақәыргылара. Уаҟа абгарсҭақәа ахьыҟаз аҵыргәатә ҭыӡқәа ҟаҵан. Хара имгакәан амҩа ишақәнагоу иҟаҵахоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Ареспубликатә мҩаду хада инаркны аӡиа Риҵанӡа амҩатә дырга анҵахоит ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0