Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииАслан Бжания провел ряд встреч на полях ПМЭФ-2024
Аслан Бжания провел ряд встреч на полях ПМЭФ-2024 - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2024
Анапаҵаҩра
Петербургтәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит рашәара 8 рҟынӡа. Атема хада — "Основа многополярного мира - формирование новых точек роста".
АҞӘА, рашәара 6 Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ҩганктәи аекономикатә усеицзура иалацәажәеит Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки, Петербурги Ленинградтәи аобласти ргубернаторцәа Александр Беглови Александр Дрозденкои, Башкортосҭани, Адыгеи, Нхыҵ Кавказ егьырҭ ареспубликақәа рхадацәеи.
Аиԥылараҟны ирзааҭгылан ахәааҳәҭра-економикатә еимадарақәеи, аинвестициеи, атуризми, аинфраструктуратә проектқәеи реизырҳара азҵаатәқәа.
Уаҵәы, рашәара 7 рзы, Аԥсны ахада зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа алахәхоит апленартә еилатәара, уаҟа ажәахә ҟаиҵоит Владимир Путин.
Торжественное мероприятие приуроченное 30 летию прокуратуры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниа далахәхоит XXVII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум
Ажәабжьқәа зегьы
0