00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
13 мин
Посредник
Соцподдержка детей и семей Абхазии: патронатные семья
14:21
25 мин
Актуальный комментарий
Реализация программы по созданию системы единой базы данных
14:46
11 мин
Такие обстоятельства
Поддержка школ Абхазии: проекты "Фирон"
14:57
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аԥсышәала ажәабжьқәа ҭзыжьуа Sputnik Аԥсны а-Telegram-канал атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аԥсышәала ажәабжьқәа ҭзыжьуа Sputnik Аԥсны а-Telegram-канал атәы
Анапаҵаҩра
Ажәабжьқәа аԥсышәала иудызгало а-Telegram-канал Sputnik Аԥсны аусура хацнаркит. Ари раԥхьатәи каналуп атәылеи уи анҭыҵи имҩаԥысуа ахҭысқәа аԥсышәала аԥхьаҩцәа ирызназго. Ара иҟоуп арадиоеиҿцәажәарақәа, авидеонҵамҭақәа, аинфографика, аԥсуа идоуҳаи ибзазареи ирызку аматериалқәа.
Ԥшьымз ҵуеит Sputnik Аԥсны а-Telegram-канал аԥсышәала ицәажәоижьҭеи, аха уи аркын аԥхьаҩцәа рзы. Рашәара 5 аҽны иҟалеит аредакциа зегьы азы аҭакԥхықәра ду зцу ахҭыс. Аканал аус адырулоит аредакторцәа х-ҩык: Рада Ажьиԥҳа, Наала Хьециаԥҳа, Мадина Ҳагԥҳа.
Sputnik Аԥсны аҭыжьыҩ - аредакторцәа Наала Хьециаԥҳаи Рада Ажьиԥҳаи иалацәажәеит арадио аефир аҟны уи шалыршахаз, аԥсҭазаара алырҵәара шаҟа аамҭа аҭаххаз, аԥхьаҩ идыргало атәы.
"Иахьатәи аамҭа иашьашәало аус адулара ҳаҿуп. Уи ахәшьара азҭо ҳаԥхьаҩцәа роуп, хымԥада. Ак ҳагымхакәа иҟаӡам, аха уеизгьы ԥшьымз аус иаҳуз (ателеграмм-канал аҟны-азгәаҭа), жәашықәса Sputnik Аԥсны асаит аҟны аус иаҳухьо зегьы ааидкыланы, еизыркәкәаны, ҳаԥс хәыҷы наҵаҵаны аԥхьаҩцәа рҟынӡа анагара ҳаҿуп", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
"Ас еиԥш аканал ахьцәырҵыз, аԥсшәа арҿиара, аларҵәара, ауаа азҿлымҳахарц азы аус ду ҟанаҵоит ҳәа сгәы иаанагоит. Иара аԥсуа бызшәазы азакәан атәы ҳхаҳмыршҭып. Убри ишақәнагоу ақәныҟәара аус аҟны даҽа шьаҿак ҟаҳҵеит", - ҳәа азгәалҭеит Хьециаԥҳа.
Арадиостудиа аҟынтәи аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0