https://sputnik-abkhazia.info/20240608/azlatsazhasha-amoup-adleiba-ota-iou-abraskyl-iay-ausura-iazkny-1051298519.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Адлеиба Отаԥ иҟоу "Абраскьыл иҳаԥы" аусура иазкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Адлеиба Отаԥ иҟоу "Абраскьыл иҳаԥы" аусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Отаԥ иҟоу "Абраскьыл иҳаԥы" арҭ амшқәа рзы иаднакыло ыҟоума, сынтәа шаҟаҩы аԥсшьаҩцәа рҭаап ҳәа иақәгәыӷуа, ҿыцрас русураҟны акыр аԥшьыргама аҳаԥаҟны ауаа... 08.06.2024, Sputnik Аҧсны
2024-06-08T10:44+0300
2024-06-08T10:44+0300
2024-06-08T10:44+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/07/1051298646_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_0361acfdd3d69355d818ed93c359e6d9.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Адлеиба Отаԥ иҟоу "Абраскьыл иҳаԥы" аусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Адлеиба Отаԥ иҟоу "Абраскьыл иҳаԥы" аусура иазкны
Отаԥ иҟоу "Абраскьыл иҳаԥы" арҭ амшқәа рзы иаднакыло ыҟоума, сынтәа шаҟаҩы аԥсшьаҩцәа рҭаап ҳәа иақәгәыӷуа, ҿыцрас русураҟны акыр аԥшьыргама аҳаԥаҟны ауаа здызкыло, уадаҩрас ирымоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба.Иара ицәажәараҟны иҳәеит, сынтәа, егьырҭ ашықәсқәа раасҭа, ирҭаауа рхыԥхьаӡара иаҳа еиҳахап ҳәа ишыԥшу. Отаԥ аҳаԥы иҭало рзы амагә дуқәа ҿыцны иаархәеит, аинструкторцәа рыла еиқәшәоуп, афымцалашара ыцәар, агенератор иаҿаркша ықәдыргылеит, иҳәеит Адлеиба."Ауаа анырацәоу, амикрофон исҭоит (агәыԥ мҩаԥызго-азгәаҭа), ииҳәо бзианы ираҳарц. Аԥшьбатәи азал аҟны ианнеилак, уа ирацәаҩны иакоит, драцәажәаны зегьы андирбалак, убра ажәытә аԥсуа ашәак рзаҳарҳәалоит. Ҵыԥхгьы иҟаҳҵап ҳәа акәын, аха иаҳзеиҿымкааит, сынтәа иҟасҵап ҳәа ауп", - иҳәеит Адлеиба.Иара иажәақәа рыл, ҵыԥх аҳаԥы иаҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара ԥшьнызқьҩык инацны иҟан, сынтәа хәнызқьҩык рҭаап ҳәа иақәгәыӷуеит.Аҳаԥы аҭалара ахә сынтәа иаҳа иацлеит, блеҭцыԥхьаӡа 50 мааҭ ақыҭа иазынхаларц азыӡбан Очамчыра араион ахадараҟны , иҳәеит Адлеиба. Уаанӡа блеҭк 300 мааҭ иаԥсазҭгьы, уажәшьҭа 500 мааҭ иркоит. Ахәыҷы 8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа хәыда-ԥсада аҳаԥы дҭарҵоит, 8 инаркны 10 шықәса зхыҵуа рзы 250 мааҭ.Отаԥтәи аиҳабы далацәажәеит рымҩа шҽеим, анхацәа дара рхатәы мчқәа рыла уи азҵаара аӡбаразы иаԥшьыргаз.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/07/1051298646_79:0:1856:1333_1920x0_80_0_0_2aad335c2a61ae57cb0dc95be378165c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Отаԥ иҟоу "Абраскьыл иҳаԥы" арҭ амшқәа рзы иаднакыло ыҟоума, сынтәа шаҟаҩы аԥсшьаҩцәа рҭаап ҳәа иақәгәыӷуа, ҿыцрас русураҟны акыр аԥшьыргама аҳаԥаҟны ауаа здызкыло, уадаҩрас ирымоу атәы,
арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба.
Иара ицәажәараҟны иҳәеит, сынтәа, егьырҭ ашықәсқәа раасҭа, ирҭаауа рхыԥхьаӡара иаҳа еиҳахап ҳәа ишыԥшу. Отаԥ аҳаԥы иҭало рзы амагә дуқәа ҿыцны иаархәеит, аинструкторцәа рыла еиқәшәоуп, афымцалашара ыцәар, агенератор иаҿаркша ықәдыргылеит, иҳәеит Адлеиба.
"Ауаа анырацәоу, амикрофон исҭоит (агәыԥ мҩаԥызго-азгәаҭа), ииҳәо бзианы ираҳарц. Аԥшьбатәи азал аҟны ианнеилак, уа ирацәаҩны иакоит, драцәажәаны зегьы андирбалак, убра ажәытә аԥсуа ашәак рзаҳарҳәалоит. Ҵыԥхгьы иҟаҳҵап ҳәа акәын, аха иаҳзеиҿымкааит, сынтәа иҟасҵап ҳәа ауп", - иҳәеит Адлеиба.
Иара иажәақәа рыл, ҵыԥх аҳаԥы иаҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара ԥшьнызқьҩык инацны иҟан, сынтәа хәнызқьҩык рҭаап ҳәа иақәгәыӷуеит.
Аҳаԥы аҭалара ахә сынтәа иаҳа иацлеит, блеҭцыԥхьаӡа 50 мааҭ ақыҭа иазынхаларц азыӡбан Очамчыра араион ахадараҟны , иҳәеит Адлеиба. Уаанӡа блеҭк 300 мааҭ иаԥсазҭгьы, уажәшьҭа 500 мааҭ иркоит. Ахәыҷы 8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа хәыда-ԥсада аҳаԥы дҭарҵоит, 8 инаркны 10 шықәса зхыҵуа рзы 250 мааҭ.
Отаԥтәи аиҳабы далацәажәеит рымҩа шҽеим, анхацәа дара рхатәы мчқәа рыла уи азҵаара аӡбаразы иаԥшьыргаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.