00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Новости 13.30
13:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:37
15 мин
Актуальный комментарий
Делегация Абхазии на Международной ярмарке в Сирии. Интервью с главой МИД
18:53
12 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәба иааӡамҭацәа аспартакиадаҿы рылҵшәазы: ахәыҷқәагьы, ақыҭагьы ргәы ҟанаҵеит

Ашәба иааӡамҭацәа аспартакиадаҿы рылҵшәазы: ахәыҷқәагьы, ақыҭагьы ргәы ҟанаҵеит
Анапаҵаҩра
Џьгьардатәи абжьаратә школ абаҩрҵәыра арҵаҩы Леонид Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәа рреспубликатә спартакиадаҟны иааӡамҭацәа рхы ахьԥыршәаз иарбан спорт хку, уи аҟны рхы шаадырԥшыз.
Аԥсны имҩаԥысуеит ХVII Ашколхәыҷқәа рреспубликатә спартакиада 14 спорт хкы рыла. Уи аартра мҩаԥган лаҵара 26 рзы Аҟәа Ареспубликатә стадион аҿы, имҩаԥыслоит рашәара 21-нӡа. Аспартакиада иалахәуп 900-ҩык инареиҳаны 9-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа.
Аспартакиада апрограммаҟны иҟоуп аспорт хкқәа: атлетика лас, астолтә ԥкьаҭмпыл, ашахмат асра, абокс, аӡиудо, зхы иақәиҭу аиқәԥара, самбо, ашьапылампыл, атлетика хьанҭа, амҵәышәмпыл, ашьапылампыл маҷ, ахыци ахәымпали рыла ахысра, анапылампыл, аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыла аицлабра.
2017 шықәсазы аспартакиада апрограмма иалагалан ахыци ахәымпали рыла ахысразы аиндаҭлара. Ари аспорт хкы аҟны иҳаҩсыз амчыбжь азы алҵшәа бзиа аадырԥшит Очамчыратәи акоманда. Уи азыҟаиҵоит Џьгьардатәи абжьаратә школ абаҩрҵәыра арҵаҩы Леонид Ашәба.
"Араион аҟны 26 школ ахьыҟоу ахыци ахәымпали рыла ахысразы аиндаҭлара есышықәса Џьгьарда имҩаԥысуеит. Сынтәагьы араион аҟны иахьымҩаԥаҳгаз актәи аҭыԥ наҳкылеит. Ареспубликатә спартакиадаҟны аицлабра амза 9 рзы имҩаԥган, амшцәгьагьы маҷк амҩа ҳақәнархеит, аха ҳҽахьаҳагӡеит. Ҳахьнеиз аа-командак хәҩы-хәҩы арԥарцәа алахәын. Ҳалҵшәақәа бзиахеит, актәи аҭыԥ аанаҳкылеит. Аринахыс иҵегьы еихаҳҳауеит, ахәыҷқәагьы ргәы ҟанаҵеит, ҳқыҭагьы, ҳраионгьы ргәы ҟанаҵеит. Ари аспорт хкы нҳажьӡом, игәыгәҭаҳажьӡом", - иҳәеит Ашәба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0