Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габелаиа Очамчыра иалоу арахә азы: ма инырхыр акәхоит, ма хылаԥшра рырҭароуп изтәу

Габелаиа Очамчыра иалоу арахә азы: ма инырхыр акәхоит, ма хылаԥшра рырҭароуп изтәу
Анапаҵаҩра
Очамчыра ақалақь арахә аламлартә еиԥш иҟарҵо, ари азҵаара ҵарны иахьынӡықәгылоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Очамчыра араион ахадара алаҳәара ҟарҵеит ақалақь иаланы ирбо арахә рашәара 12 инаркны ишаанкылахо, инахараны иалганы ишыршьҭуа. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит ақалақь иаланхои иаҭаауа асасцәеи ршәарҭадаразы, рырманшәаларазы ҳәа азгәаҭоуп.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы араион анапхгара изныкымкәа ақәҵарақәа рыдыркылахьан арахә ақалақь аҟны имныҟәаларц, иҟоуп уи еилкаарала иазнеиз, зырахә ԥхьазкыз, ирхылаԥшуа, зынӡа иқәызгаз, аха иахьагьы азҵаара ӡбам, иҳәеит Габелаиа.
"Ари акы, ҩба акәӡам, рхыԥхьаӡара рацәоуп (арахә-рзы). Ақалақь урԥшӡартә еиԥш, иара ахаҿра ауҭартә еиԥш 30 шықәса азҵаара ӡбашьа амаиуит. Ауаҩы арахә ада ихы изныҟәымгозар даҽа мҩак ылихыр ауп, ақалақь аҟны унханы аферма анҵара, уи ҟалашьа змам аус ауп. Иахьа акәымзаргьы уаҵәы уи азҵаара ӡбатәхоит. Арахә ма инухыр акәхоит, ма урхылаԥшыр акәхоит", - иҳәеит Габелаиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0