Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны аԥсылманцәа Кәырбан-баирам рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа иахьа иазгәарҭоит ихадоу аныҳәақәа ируаку Кәырбан-баирам (Кәырбан-ныҳәа).
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны аԥсылманцәа Кәырбан-баирам рыдиныҳәалеит.
Атәыла ахада инаҵшьны иҳәеит ари амш иҵаулоу адоуҳатә ҵакы шамоу, иара ауаа реидкылара, реихӡыӡаара, агәыҳалалра аарԥшра иазырхоуп.
"Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа руаԥшь акрызҵазкуа ароль нанагӡоит аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы, уи иарӷәӷәоит амилаҭбжьаратәи адинбжьаратәи еизыҟазаашьақәа. Аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара, ахәыҷқәа рааӡара, агәыҳалалра рышьаҭақәа арӷәӷәоит, асоциалтәи аҵарадырратәи аԥшьгамҭақәа нанагӡоит, убри азы мацарагьы аҳаҭыри апатуи ақәуп" , — ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа иахьа иазгәарҭоит ихадоу аныҳәақәа ируаку Кәырбан-баирам (Кәырбан-ныҳәа).
Аҟәа аџьаамаҿы иахьа шьыжьнаҵы имҩаԥыргеит аныҳәа иазку анамаз, абжьагажәа иаԥхьеит.
Кәырбан-баирам – аԥсылман ныҳәа хадақәа ҩба ируакуп, иара иаанаго Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара ауп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-баирам ашьҭахь 70 мшы ааҵуаны, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза 10-тәи амш аҽны.
Ажәабжьқәа зегьы
0