Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит ахәылԥаз "Алаф ашҭа"

© Sputnik / Бадрак Авидзбаалаф ашта
алаф ашта - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит ахәылԥаз "Алаф ашҭа".
Аусмҩаԥгатә иалахәын еицырдыруа апоетцәа Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гәында Сақаниаԥҳа, Анатоли Лагәлаа, беиԥарала урҭ иреиҵбацәоу алаф азҟазацәа Алхас Чхамалиеи Адамыр Гәынбеи.
Ари аиԥылара ҵыхәтәантәихеит 2024 шықәсазы апроект "Алаф ашҭа" алахылацәа рзы. Уажә аԥхьа урҭ Аԥсны ахы-аҵыхәа ақыҭақәа ирҭааны ақәгыларақәа мҩаԥыргон, еизоз ауаа ирзаԥхьон алафқәа, апародиақәа, аиҩызаратә шаржқәа.
"Агьама зҵоу алаф ҳажәлар иахьеи-уахеи рыԥсҭазаара иацын. Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рлафеибыҳәашьа, рыччашьа, рҩызашьа даҽа гьама ҷыдак амоуп. Убри аҟынтә урҭ аҷыдарақәа мырӡкәа, ҳара иҳаӡбеит урҭ рытрадициа ссир иацаҳҵарц. Ари апроект ахы акит Аԥсуа драматә театр аҿы, "Чарирама" иамаз аҩаӡара ҳара иабашьҭаҳхуа, аха иагьа ус иҟазаргьы ҳаҵамхароуп, избанзар аԥсуа сахьажәа есымша иара адунеи аман, иара аԥсҭазаара аман", – азгәалҭеит ахәылԥаз амҩаԥгаҩ Гәында Сақаниаԥҳа.
Анаҩс, ахәылԥаз иаҭааз рзы акыр илахҿыхыз, аччара зцыз ақәгыларақәа ирылагеит. Ахәаԥшцәа напеинҟарыла ирыдыркылон лафла ибеиаз, насгьы ҵакыла иҵаулаз ацәаҳәақәа.
Апроект "Алаф ашҭа" мҩаԥысуеит Аԥсны акультура аминистрра аиҿкаарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0