Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Дбар Аԥсны абынҽацәқәа реиҭарҿиара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Дбар Аԥсны абынҽацәқәа реиҭарҿиара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абынҽацәқәа аныӡаара аҟынӡа иназгаз, урҭ реиҭарҿиареи рыхьчареи рзы ҭагылазаашьақәас иҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбар.
Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра аҵакыраҟны шықәсқәак раԥхьа рааӡара иалагеит кавказтәи абынҽацәқәа. Дара рхыԥхьаӡара акырӡа имаҷуп Аԥснытәи ашьхақәа рҟны. Аԥсқьарцәа ирыхҟьаны иҳаҩсыз ашәышықәса аҩажәатәи ашықәсқәа рзы аныӡаара аҟынӡа инеит абынҽацәқәа. Урҭ рахьынтә иаанхаз Нхыҵ Кавказ ашьхақәа рахь иахыҵны ицеит. Аҟәатәи ГЕС атехникатә директор, Жәлар реизара адепутат Резо Занҭариа иӡбеит ианыӡааз ашәарах реиҭарҿиара. Аекологцәа данрацәажәа ашьҭахь, Ростовтәии Кавказтәи аҳәырԥсаррақәа рҟынтәи абынҽацәқәа ааганы ианиҵеит.
"Абынҽа Аԥсны инакәызаалак абнақәа рҟны иҟан. Зынӡаск иқәӡааит ҳәа узҳәаӡом, епизодла ицәырҵоит, избанзар Нхыҵ Кавказ Кавказтәи абиосфертә ҳәырԥсарраҟны ирыхьчоит. Уа ахыԥхьаӡара рацәоуп, аамҭақәак ашьхақәа ирхыҵны ҳара ҳахь иаауеит, ҳашьха ҭыԥқәа рҿы ирнаало аҭыԥқәа рацәоуп азы. Амала рыцҳарас иҟалаз, ҳа ҳахь ианаауа, ашәарыцацәа иршьуеит, ҭыԥ рырҭом", - иҳәеит Дбар.
Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа абынҽацәқәа рааӡара ахшыҩҵак ахарџь анаҩсгьы, агәаӷьра аҭахын иҳәеит аеколог хада. Иара иазгәеиҭеит абынҽацәқәа Аԥсны рыхьчаразы аҳәынҭқарратә программак шеиҿкаатәу. Иҳәеит абынҽацәқәа ааӡаны абна ианылуҵо, ауаагьы, ашәарыцаҩцәагьы ааӡатәуп ҳәа.
"Уи иаҵанакуа дара реилкаара, ргәыбылра аԥсабара ахьчаразы иҳаракызароуп. Даҽакала иуҳәозар, ркультурагьы ҳаракызароуп. Иҳамоу аԥсабаратә беиара аиқәырхаразы акультура иаҵанакуа ахымҩаԥгашьа ааҳарԥшлароуп, абри ааӡара амазароуп. Ари абеиара ахала иҟалаӡом, уацныҟәароуп, умч, ухшыҩ ацуҵароуп", - иҳәеит Дбар.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0