Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Алу иаҵазгьы дықьуан, алыхәҭа иаҵазгьы дықьуан": алу иазкны дыррақәак

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаМельница
Мельница - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рыбзазара иахәҭаку ахаҳәтә маҭәар алу иазкны аматериал ҳзеиқәлыршәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥш ааргоит – ашыла ргоит,
Алу кҿаԥыруа илагоит.
Платон Бебиа
Аӡәгьы изы имаӡам, аԥсуа кҿаҩра иалыҷҷауа фатәны ишыҟоу абысҭа. Абысҭа ҿахра-ҿахра асаанқәа ирынҵаны, саси ԥшәымеи ирызцәыругаанӡа акыр аетапқәа ирхысуеит: адгьыл азурхиароуп, аԥш лауҵароуп, иааурыхроуп, иҭаугалароуп, ицәурҳәыроуп, иҿурпыроуп, иуԥсаҟьароуп зҳәаз еиԥш. Ажәала иуадаҩым, аха аус аҟны зынӡагьы имариам.
Хыхь еиқәыԥхьаӡоу аусқәа хыркәшаны, акәаԥ ургылоит аџьа здубалаз аџьықәреи ахьулаго аӡлагараҿы. Аӡлагара - аџьықәреи "сақә-сапыншәа" иахьырлаго ҭыԥуп. Анаҩс, аӡлагара иацухыз ашыла ааухәыр, абысҭа аурада акгьы аҭахымкәа иҟалоит.
алаҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2020
Идыргәӡон, ма ирлаҳәон: ажәытәан ахархәара змаз аши ахәыӡи рҭоурых
Аҵарауаҩ-аетнограф Иуана Аџьынџьал ишәҟәы "Из этнографии Абхазии" аҿы иҩуан: "Аԥҳәыс еиҳарак аҩны дахьыҟаз аҟнытә, лыҩнусхәқәа ирхыԥхьаӡалан алагарагьы. Алу аџьықәреи ҭаԥсаны напыла изыргьежьуаз лара лакәын, убри инамаданы, ахацәа рыҳәса ирыхлафуа, рыхьӡ шьо "сылагаҩ" (моя мукомолка) ҳәа рарҳәо иалагеит".
Аӡлагара аусураҟны ихадоу маҭәахәуп ахаҳә иалху - алу. Алу иаҵыҵуа ашыла ахаҭабзиара иара иахьыԥшын азы ацқьара агрыжьуамызт, ианаамҭаз иркәон.
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иҩымҭақәа руак аҟны алу аусура дазхәыцуа абас иҩуан: "Алу аныркәо, аркәарсҭақәа иахьыгьежьуа аганахь ирханы, арыц злалагаша ала иркәоит. Убри аганахь игьежьлароуп. Ганкахь икәаны, даҽа ганкахь алу ургьежьыр, уаҩы имыхәо ашыла аҿыҵуеит".
Алу ажәаԥҟақәа рҿы
Алу ианакәзаалак аџьа збо маҭәарын. Уи атәы аныԥшит аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәагьы. Алу иахҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәоуп: "Аӡлагара еибафозар, алу гәынқьуеит", "Алу хабзабаарбара ицан, лага-лаҳәа агымхеит", "Ахәыла ҭацәыр, алу еибафо иалагоит". Азгәаҭа (ахәыла ҳәа азырҳәоит аӡлагараҿы аԥш ахахьарыԥсо).
Алу - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2019
Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥсҭа гәаҩа иҭанаԥсоит: алу анцәахәы Саунау иазку ақьабз
Еиҳа иналкааны сырзааҭгылар сҭахуп абарҭ ажәаԥҟақәа:
"Алу иаҵазгьы дықьуан, алыхәҭа иаҵазгьы дықьуан" - аус ӷәӷәа знапы алазкыз мыцхәы ибжьы мыргакәа, имч шәаны-изаны иҽыззикыз анагӡара далагоит. Аха иҟоуп ауаа рыхәҭак аус мариа иаҿызаргьы, "ҳаԥсит-ҳанҵәеит" ҳәа зхы иахашшаауа. Убас иҟоу ауаа ирзынархоу ажәаԥҟоуп: "Алу иаҵазгьы дықьуан, алыхәҭа иаҵазгьы дықьуан".
"Алу иахҭысуа акәара иадыруеит" - иузааигәоу, иахьеи-уахеи аус зцууа аџьабаа иибо, ихҭысуа удыруеит.
"Алу Қьабаа иугаргьы - лагара агхом" - аџьабаа зқәу, аџьабаа иаҵоу ауаҩы, ԥсшьарҭа ҭыԥк аҟны днеиргьы, убрагь џьабаа игхом. Азгәаҭа: Қьааба (Кааба) – Мекка ақалақь иҟоу аԥсылмантә ныҳәарҭоуп.
"Алуҵәҟьагьы хаҳәуп, аха аҵәымаӷ ахәлашәар ицагәуеит" - ауаҩы иагьа илшозаргьы, иагьа дыӷәӷәазаргьы, имч змырхо данақәшәалак акгьы изыҟаҵом.
Аиҿырԥшрахьтә
Зыӡбахә ҳамоу амаҭәар алу иҟалалоит ажәаҳәаҿы аиҿырԥшратә ҵакы аҭаны рхы ианадырхәо. Иаагозар:
Зны-зынла ажәҩан алу ианадыркылогьы ыҟоуп, еиҳараӡак асы аура аҽаназнакуа аамҭазы аԥсабара иунардыруеит "ажәҩан лагоит" - рҳәоит.
Амш бааԥс, адыд-амацәыс инамыцхәны ианыҟалалак аԥсуаа ирҳәоит: "Ажәҩан лагоит, хыхь иҟоу ҵаҟа ицоит" ҳәа.
Абыста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2019
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны
Ахыркәшамҭазы абра иаазгар сҭахуп Баграт Шьынқәба ибаллада "Аҿырпын" аҟнытә ацәаҳәақәа:
Идәылыҩуам гәырӷьа-ччара,
Са сыҩны лашьцоуп,
Ԥҳәыск дыҟазаргь, лымацара
Алужә еиԥш дыҩноуп.
Зхылҵ дыҟам, зхьааи зхәыцрақәеи ирылаханы, зымала аҩны иҩнахаз, ауаҩы изуҳәар алшоит "алужә даҩызоуп", "алужә еиԥш дыҩноуп" ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0