Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аиустициа аминистр Петербург аиустициа аминистрцәа рфорум аҿы дықәгылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Анри Барциц
Анри Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц Петербург имҩаԥысуаз аиустициа аминистрцәа рфорум аҟны дықәгылеит.
Афорум иалахәын 20 тәыла рҟынтәи аминистрцәа. Дара алацәажәеит азакәанԥҵарақәа реиӷьтәра, аимакқәа рыӡбара амеханизмқәа рыҿиарала уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
Барцыц еиҭеиҳәеит Аԥсны Аконституциа адкылара аҭоурых, иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни русбарҭабжьаратә усеицура аҵак ду шамоу.
XII Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум мҩаԥысуан рашәара 26-28 рзы. Уи иалахәын 54 тәыла рҟынтәи 3800-ҩык инареиҳаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0